Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи агәыҳалалратә концерт еицымҩаԥыргеит Мықәтәи ауахәамаҿы. Аконцерт аҿы еизыргаз аԥара ажәытә уахәама аиҭашьақәыргыларахь ишьҭхоит.
"Ажәлар ирылшоз ала аԥара аларҵон. Аҭыԥан 251 нызқь мааҭ еизган. 57 нызқь мааҭ - онлаинла. Ари иацтәи амш мацара. Ҳәарада, ауахәама аиҭашьақәыргыларазы уи азхаӡом, убри аҟнытә аԥара аизгара иацҵахоит. Раԥхьа иргыланы, ауахәамаҿы аԥенџьырқәа ԥсахтәуп, иара убас ахыб. Сгәы иаанагоит, иара ҟаҵазар, аԥсшьаҩцәагьы аднаԥхьалалоит ҳәа. Сынтәа мацара урҭ рахьынтә иаҭааз маҷым. Уажәтәи акциа иабзоураны еиҳагьы ахьӡ аларҵәахоит", - иҳәеит Араҳамиа.
Мықә ақыҭа ахада иара убасгьы иҳәеит, аҭыԥантәи ауааԥсырагьы ауахәамахь ишнеиуа, ишымҩаԥырго анаҭрақәа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.