Аԥсны

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа абнараҿ иӡыз акәыкәбааҟәшәаҩцәа рыԥшааит

Уаанӡа Гагра араион аҿы аԥҳәыс дыӡит, ҩаха илышьҭоуп, макьана дырзымԥшааӡацт.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. АҶА аусзуҩцәа ҩыџьа амҩа иахҟьаз акәыкәбааҟәшәаҩцәа рыԥшааит Аҩада Ешыра, Уаз-абаа иахьаҵанакуа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иара убасгьы Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Гагра абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәеи Ҳашԥсытәи аҩхааҿы иӡыз аҭыԥантәи аԥҳәыс илышьҭоуп.
Аԥҳәыс абҵара 4 рзы кәыкәбааҟәшәара уи аҭыԥ ахь дцеит, уажәраанӡагьы лыхабар ыҟам.
Аԥсны
Ҳашԥсытәи аҩхааҿы ԥҳәыск дыӡит
Аԥсны абнарақәа рҿы аҟьалара мариоуп ҳәа азгәарҭоит АҶА аҟны, иара убас уахь инеиуа ауаа ргәы рҽанызарц рабжьаргоит, амҩа ианықәло рҭынхацәа рмаршрут рзеиҭарҳәарц, аимадаратә хархәагақәа рымазарц, аҭыԥ аҟны иахьцо-иахьаауа иақәшәарц азы аԥҟарақәа рдыруазарц.