Аԥсны

Аԥсны ААР ахада аусутә еилацәажәарақәа рзы Москваҟа дцеит

Инал Арӡынбеи Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи реиԥылара азгәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә еилацәажәарақәа рзы Москваҟа дцеит, абри атәы аанацҳауеит ААР Амедиа-центр.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахадеи Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аԥсны-урыстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еинырра азҵаарақәа рылацәажәаразы реиԥылара азгәаҭоуп.