Аԥсны

АЦә "Аҽгәара" аҿы абҵара 8 рзы алашара дырцәоит

АЦә "Аҽгәара" аҿы алашара арцәара мзызны иаиуеит аремонттә усурақәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. АЦә "Аҽгәара" аҿы абҵара 8 рзы алашара дырцәоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Алашара ҟалом асааҭ 11:00 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа.

Ииасыз амчыбжь, абҵара 1 азы авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" ааха аиуит, уи иахҟьаны Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит.
Аԥсны
АЦә "Аҽгәара" арҽеиратә усурақәа рзы аԥара макьана ишәаӡам лҳәеит Озган
Аекономика аминистр Кристина Озган лажәақәа рыла, иҳараку авольттә цәаҳәа "Аҽгәара" шьаҭанкылатәи арҽеиратә усурақәа ҿҳәарас иарбан абҵарамза 15-нӡа, аха аԥсуа ган иадҳәалам атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны, хықәкыла урыстәылантәи иаауаз алашара аԥкрақәа аларгалеит. Лара илҳәеит алашара аашьҭра шаанкылахаз еилаӡарыла, ԥыҭрак анаҩс ҩаԥхьа ишаарышьҭуа азы.
Аԥыза-аминистр ихаҭыԥуаҩ илҳәеит уи иахҟьаны 32 км рыԥсахран иахьыҟаз 24 км шакәу иԥсаху. Аҩбатәи амзыз ҳәа иазгәаҭахеит аенергетикцәа имҩаԥгаз аусурақәа ргәаҭара иахьахьымӡаз, акы иазымԥшкәа алашара оурышьҭыр ахьакәхаз.