Аԥсны

Аԥҳәыс ллахьынҵа хьанҭа, маҷк аџьашьахәы: Аԥсны акультуратә афиша

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны абҵара 7 инаркны абҵара 13 рҟынӡа акультуратә хҭысқәа рафиша еиқәнаршәеит.
Sputnik
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа драматә театр

Абҵара 10 асааҭ 19:00 рзы - "Сариа".
Ҟабардатәи адраматург Зарина Ҟаныҟәа лпиеса иалху аспектакль ықәлыргылеит Мадина Аргәынԥҳа. Аспектакль аҿы еиҭаҳәоуп Лавренти Бериа иҩнаҭаҿы Сариа лыԥшәма Нестор Лакоба ахәшә ихәы иалаҵаны ианирҭа ашьҭахь ллахьынҵа цәгьа. Сариа дырбаандаҩны дҭаркит. Уаҩ изхымгаша аџьамыӷәа цәгьа дҭадыргылеит, гәымбылџьбарала илызныҟәон. Лхаҵа ажәлар дышраӷоу азы лҿахәы лҿырхырц иашьҭан, аха лара урҭ ирҳәоз дацныҟәомызт. Иагьа мыҟәмабара лхылгазаргьы, Нестор дызламыз аус далан ҳәа далалымҟьашьит. Аҵыхәтәаны абахҭа дҭаршьит.
Аԥсны
Сариа Лакоба лзы асценатә баҟа…

РУСДРАМ

Абҵара 11 асааҭ 19:00 рзы - аспектакль "Бродский". Амоноспектакль Иосиф Бродски ипоема "Шествие" шьаҭас иамоуп. Ароль хада налыгӡоит Милана Ломиаԥҳа. Абҵара 12 асааҭ 19:00 рзы - "Зынасыԥ зеижьаз Енџьы-Ҳаным". Аԥсуа шәҟәыҩҩы Даур Занҭариа иповест иалху амоноспектакль аҿы ароль хада налыгӡоит Анна Гиурегиан. Абҵара 13 асааҭ 15:00 рзы - ахәыҷтәы спектакль "Алакәтәыла Оз аҟынтә ахынҳәра". Арежиссиор-ақәыргылаҩ - Џьамбул Жорданиа.
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Жорданиа ақәыргыламҭа "Алакә тәыла Оз аҟынтә ахынҳәра" азы

Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр

Абҵара 7 асааҭ 18:30 азы иҟалоит аспектакль "Аԥсҭазаара ахаҿсахьа". Атеатр актиорцәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рсатиратә рҿиамҭақәа ирылхны аскетчқәа ҳдырбоит.