Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Жорданиа ақәыргыламҭа "Алакә тәыла Оз аҟынтә ахынҳәра" азы

Ҳазлацәжәа ҳамоуп: Жорданиа ақәыргыламҭа "Алакә тәыла Оз аҟынтә ахынҳәра" азы
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ ахәыҷтәы студиа "Чик" аспектакль ""Алакә тәыла Оз аҟынтә ахынҳәра" аус аднаулоит. Актиорцәа хәыҷкәа асцена ду ахь ацәырҵра иахьынӡазыҟаҵои, ақәыргыламҭа уадаҩрас иаҵоуи ртәы еиҭеиҳәеит астудиа анапхгаҩы Џьамбул Жорданиа.
Ари ақәыргыламҭа РУСДРАМ ахәыҷтәы студиа "Чик" ахԥатәи аспектакль ауп, уажәы апремиера иалахәуп 19-ҩык ахәыҷқәа, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Жорданиа.
"Ҳхаантәи алакәқәа рахь азхьаԥшра сҭаххеит, ахәыҷқәа урҭ алакәқәа усҟак ирыздырӡом азы. Алакә злыху америкатәи автор Баума иҩымҭа алоуп. Убри иаҿыԥшны асценари ҟаҵоуп. Сгәанала, ахәыҷқәа зхәыԥшуа иахьатәи амультфильмқәа уиаҟара аҵаулареи афилософиеи рыҵаӡам", - иҳәеит Џьамбул Жорданиа.
Ахәыҷқәа 10 мзы рыҩнуҵҟа рҽазыҟарҵон еиуеиԥшым амаҭәарқәа рыла: актиортә ҟазара, амузыка, асценатә пластика, асценаҟны ацәажәара уҳәа, иҳәеит астудиа "Чик" анапхгаҩы.
"Ари раԥхьатәи цәырҵроуп асцена ду ахь, уамакала ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп, иацәшәоит, аха ргәы ҳарӷәӷәоит. Аспекталь уамакала иуадаҩуп, избанзар, даара ирацәаны аҽыԥсахра аҭахуп, аҩныҵҟа иҟоу адекорациатә еишьҭагылашьа зегьы дара ахәыҷқәа рнапалоуп ишыҟаҳҵо. Ақәыргыламҭа азырхиараҿы атеатр ацехқәа зегьы алахәын, алашара, абжьы, абутафорцәа, асцена ақәыргылаҩцәа зегьы ҳацхраауеит", - иҳәеит Жорданиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0