Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рыҟны аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит

Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рыҟны аԥкрақәа алагалан аҳаирбаӷәазақәа ашәарҭара рымоуп ҳәа ишьаны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рыҟны аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит абҵара 15 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
"Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи 11 ҳаирбаӷәаза рҟны аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп абҵара 15, асааҭ 03:45 рҟынӡа", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥаны аус шыруц ируеит. Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа ахархәара рырҭоит Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Москва рҳаирбаӷәазақәа.
Раԥхьаӡа акәны Шәачантәи аҳаирпланқәа аӡынгьы египеттәи акурортқәа рахь иԥырлоит