Раԥхьаӡа акәны Шәачантәи аҳаирпланқәа аӡынгьы египеттәи акурортқәа рахь иԥырлоит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на аэропорт "Адлер" в Сочи. Архивное фото.
Вид на аэропорт Адлер в Сочи. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2022
Анапаҵаҩра
Севастианов ихьӡ зху Жәларбжьаратәи шәачатәи аҳаиртә баӷәаза ҭагалан-аӡынтәи аамҭеихшахь ииасуеит жьҭаара 30 инаркны.
АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Раԥхьаӡа акәны Шәачантәи аҳаирпланқәа аӡынгьы египеттәи акурортқәа рахь иԥырлоит ҳәа аанацҳауеит акурорт аҳаиртә баӷәаза асаит.
Севастианов ихьӡ зху Жәларбжьаратәи шәачатәи аҳаиртә баӷәаза ҭагалан-аӡынтәи аамҭеихшахь ииасуеит 2022 шықәса жьҭаара 30 инаркны 2023 шықәса хәажәкыра 25 рҟынӡа.
Шәачантәи жәларбжьаратәи ахырхараҭала иазгәаҭоуп 19 ԥырра, аҩнуҵҟатәи - 58.
Ареисқәа мҩаԥыргалоит 25 аҳаирмҩангаҩцәа, аҳәаанырцәтәиқәа хәбагьы налаҵаны.
Шәача - Ереван ахырхарҭала абжьысра акыр иацҵахоит, мчыбжьык ахь 48 рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0