Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Херсонтәи аобласт аҿы аӷа ижәыларақәа ԥхьарцеит

Аӷа аханатәтәи иҭыԥ ашҟа днацан урыстәылатәи аруаа рымчқәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Украинатәи ар Херсонтәи аобласт аҿы ҩынтә урыстәылатәи аруаа ахьтәаз апозициақәа ирыжәлеит, аха шьҭахьҟа иԥхьацан. Иҭархоуп 50-ҩык аруаа ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы аӷа имотошьаҟатә рота ҩынтә Херсонтәи аобласт аиланхарҭақәа Саблуковкеи Пиатихаткеи рҿы ижәылеит, аха иԥхьацан", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.
50-ҩык аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа, автомашьынақәа 10 ҭархоуп ҳәа азгәаҭоуп. Уи адагьы аиланхарҭа Новопетровка ааигәара иҭархоуп украинатәи аруаа рартиллериатә шьақәгылақәа ҩба.