АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Жәларбжьаратәи ареспубликатә института (IRI) аҭҵаарақәа рыла 38% Қырҭтәыла ауааԥсыра Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи "шьҭахьҟа ирхынҳәхаанӡа" урыстәылауаа рыдкылара иақәшаҳаҭым ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Убри аан 78% Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара визадеи урыстәылаа рбизнес аҭаҩреи анхарҭақәа раахәареи рзы рылшарақәа ирықәшаҳаҭым. Урыстәылантәи аекономиатә хьыԥшыра азгәарҭоит 26% .
Убри аан Урыстәылеи Қырҭтәылеи имариам реизыҟазаашьақәа азгәаҭо 13% изазҵааз ари аҭагылазаашьаҿы рхы иацәшәом, 36% - рхы шәарҭаны аасҭа ишәарҭаданы ирбоит, 37% - рхы шәарҭаны ирбоит, 12% ашәарҭара рныруеит.
14% ареспондентцәа атәыла ԥкрада алалара иақәшаҳаҭуп, 8% урыстәылаа рбизнес аҭаҩра иадгылоит, 5% еиҭамҵуа амазара аархәар иақәшаҳаҭуп, 4% изазҵааз аҭак ҟарымҵеит.
Аҭҵаарақәа мҩаԥысуан Қырҭтәыла цәыббра 13 инаркны жьҭаара 2 рҟынӡа, аҭҵаарақәа рхы аладырхәыит 1500-ҩык рҟынӡа.