Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Латипов еиҭеиҳәеит Егры аҳәаа ахысразы иҟоу аԥҟарақәа ртәы

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Латипов Егры аҳәаа ахысра зылшо иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Егрытәи аҳәаа ахысраз иҟоу аԥҟарақәа, иарбан шәҟәқәоу иаҭаху, насгьы ус еиԥш азы азин змада.
Аԥсни Қырҭтәылеи аҳәаа 162 километра иҟоуп, уи аҟынтәи 65 километр аӡиас Егры еиҩнашоит.
2009 шықәса Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инамаданы аҳәаа ахьчара рыдҵоуп Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа, аха иҟоуп агәаҭаратә аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ҩба, аҳәаа ахьеицаҳахьчо, раԥхьа инаргыланы Егры ацҳа ду аҿоуп ҳәа иҳәеит арадиоефир аҿы Латипов.
"Иҟоуп акатегориақәа аҳәаа ахысразы азин змоу. Урҭ реиҳарак Гал иқәынхо роуп, анаҩс Егры афымцатә станциа аусзуҩцәа, Жәларбжьаратәи ахеилакқәа рхаҭарнакцәа, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа, иҟоуп Украинантәи иаауа ҳтәылауааа, уа иалахан иҟаз, иара убас амедицинатә цхыраара ауиразы аҳәаа иахысуа ҳтәылауаа", - ҳәа азгәеиҭеит Латипов.
Мышкы бжьаратәла иахысуеит 1200-ҩык. Амедициантә пункт иахьа уажәраанӡа аус ауеит, Галтәи ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа рымчала ҳәа иҳәеит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы.
Латипов иазгәеиҭеит, ишыҟаз азыҳәақәа аурыс туристцәа рганахьала, Аԥснынтә Урыстәылаҟа ихынҳәырц зҭахыз. Аха уи аԥҟарақәа иаҵанакуам аҟынтә изалыршахом ҳәа иҳәеит иара. Убри аан инаҵшьны иазгәеиҭеит ишыҟоу акык-ҩбак ахҭысқәа, иҷыдоу аушьҭырҭатә шәҟәқәа зырҭо, уи ахахьы иагоит ашәарҭадаратә маҵзура.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0