АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Ҳашԥсытәи аҩхааҿы иӡыз аҭыԥантәи аԥҳәыс лыԥсыбаҩ рбеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Абҵара 5 раахыс Ҳашԥсытәи аҩхааҿы аԥшааҩцәа зышьҭаз, Гагра араион аҿы инхоз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ рбеит иахьа асааҭ 12:50 рзы" - аҳәоит адырраҭара.
Заанаҵтәи агәаанагарала аԥҳәыс шә-метрак иҟаз аҿҟьара даҿҟьеит.
Гагра араион аҿы инхоз аԥҳәыс абҵара 4 рзы кәыкәбааҟәшәара дцеит, уаҳа дыхнымҳәӡеит.
Аԥсны абнарақәа рҿы аҟьалара мариоуп ҳәа азгәарҭоит АҶА аҟны, иара убас уахь инеиуа ауаа ргәы рҽанызарц рабжьаргоит, амҩа ианықәло рҭынхацәа рхырхарҭа рзеиҭарҳәарц, аимадаратә хархәагақәа рымазарц, аҭыԥ аҟны иахьцо-иахьаауа иақәшәарц азы аԥҟарақәа рдыруазарц.