Аԥсны

Мчыбжьык аҩнуҵҟа Аԥсны ҩ-нызқь рҟынӡа амҩатә ԥҟарақәа реилагара аарԥшуп

Аԥсны араионқәа зегьы рҿы иааларҟьаны аиҭныԥсахларатә гәаҭарақәа мҩаԥысуеит амҩатә ԥҟарақәа реилагара агәаҭаразы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Амчыбжь аҩнуҵҟа Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа 2259 рҟынӡа мҩатә ԥҟарра реилагара аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ареспублика ААР апресс-маҵзура.
223 ԥкаанҵа шьақәыргылан амашьына асаркьақәа рырлашьцаразы, 170 – арыжәтә ыжәны аԥсҟы акразы. Аамашьынак амаҵзуратә ргыларҭақәа рахь инаган.
Ауснагӡатә иалахәын Аҳәынҭавтоинспекциа анапхгара аусзуҩцәа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа ақалақьқәеи араионқәеи рыҟәшақәа русзуҩцәа. АПМ аԥыԥшырҭақәа русура рӷәӷәоуп.
Аԥсны
Аҟәа амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит хҩык аахақәа роуит