Аԥсны

Аҟәа иаатит афонд "Ашана" адгылара азҭо агәыҳалалратә цәыргақәҵа

Асахьақәа ирыхҭныҵуа аԥарақәа зегьы афонд "Ашана" ацхыраара знаҭо ахәыҷқәа ирзырхахоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агәыҳалалратә цәыргақәҵа "Eco-step into art" аадыртит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ацхыраара аҭаразы ахәыҷтәы ҟазара аҩны "Аинар" аҿы ахаша, абҵара 9 рзы.
1 / 10

Афонд "Ашана" адгылара азҭо агәыҳалалратә цәыргақәҵа

2 / 10

Афонд "Ашана" адгылара азҭо агәыҳалалратә цәыргақәҵа

3 / 10

Афонд "Ашана" адгылара азҭо агәыҳалалратә цәыргақәҵа

4 / 10

Афонд "Ашана" адгылара азҭо агәыҳалалратә цәыргақәҵа

5 / 10

Афонд "Ашана" адгылара азҭо агәыҳалалратә цәыргақәҵа

6 / 10

Афонд "Ашана" адгылара азҭо агәыҳалалратә цәыргақәҵа

7 / 10

Афонд "Ашана" адгылара азҭо агәыҳалалратә цәыргақәҵа

8 / 10

Афонд "Ашана" адгылара азҭо агәыҳалалратә цәыргақәҵа

9 / 10

Афонд "Ашана" адгылара азҭо агәыҳалалратә цәыргақәҵа

10 / 10

Афонд "Ашана" адгылара азҭо агәыҳалалратә цәыргақәҵа

Ауснагӡатә еиҿнакааит иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчаразы Аԥсны апроектқәа мҩаԥызго ауаажәларратә еиҿкаара "Abkhaz Desk". Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны 22-ы асахьаҭыхыҩцәа аусеиҭазыдулоу ақьаад аҿы иҭыху асахьақәа наргеит.

"Ари иаабац цәыргақәҵам, еко-цәыргақәҵоуп. Асахьаҭыхыҩцәа рхы иадырхәеит уаанӡа ахархәара зырҭахьаз ақьаад. Аиҿкаара "Abkhaz Desk" иахықәкуп аекологиа ауадаҩрақәа ауаа разхьарԥшра, аекологиатә хдырра аарԥшра, иара убасгьы ичмазҩу ахәыҷқәа разхьаԥшра", - ҳәа лҳәеит Афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Лара илҳәеит ареспубликаҿы ачымазара хьанҭақәа змоу ахәыҷқәа шыҟоу, афонд "Ашана" 11 шықәса рыҩнуҵҟа урҭ ацхыраара шырнаҭо еиуеиԥшым ауаа рыдгыларала.
"Арахь иааго аусумҭақәа рҭиуеит. Ахәқәа рықәҵоуп. Ахықәкқәа рымоуп. Урҭ аазхәо агәрагара рымазароуп аԥарақәа иахәҭоу ахырхарҭала ишынашьҭхо, ахәыҷқәа рыхәшәтәра ишазырхахо", - ҳәа лҳәеит лара.
Агәыҳалалратә цәыргақәҵа "Eco-step into art" хымш рыҩнуҵҟа аус аулоит.
Аԥсны
Афонд "Ашана" аукцион мҩаԥнагеит зеиԥш маҷу ачымазара змоу ахәыҷы ицхрааразы