Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Габелаиа Очамчыра зеиҭашьақәыргылара азгәаҭоу аргыларақәа ртәы

Очамчыра араион иахьаҵанакуа Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа зеиҭашьақәыргылара иалаго ахыбрақәа ртәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
Sputnik
Ақыҭақәа Џьгьарда, Кәтол, Аӡҩыбжьа афельдшертә- акушертә хыбрақәа реиҭашьақәыргылара азгәаҭоуп, убасгьы Мықә аа-километрак акаҭран ықәҵахоит, иахьазы аусурақәа мҩаԥысуеит Очамчыра ақалақь аҟны аџьармыкьа акәшамыкәша иҟоу аӡы ацәаҳәақәа реиҿкааразы, анаҩс аинвестпрограммала уаҟа акаҭран ықәҵахоит иҳәеит Габелаиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.