Аԥсны

Аусӡбарҭа ԥшьҩык ААР аусзуҩцәа рҭакԥхықәрадараз ашьаус ахацыркра иашам ҳәа иаԥхьаӡеит

Рашәарамзазы Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла 295-тәи ахәҭаҷ 1-тәи ахәҭала ԥшьҩык амилициа аусзуҩцәа рганахь ала ашьаус хацыркын.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ԥшьҩык амилициа аусзуҩцәа Алиас Гәниа, Альберт Хутов, Роман Ҟалӷьы, Денис Чаабалрхәа рҭакԥхықәрадараз ашьаус ахацыркра иашам ҳәа иаԥхьаӡеит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Цәыббрамзазы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа ахара зхараҵоу "апроцессуалтә ԥҟарақәа реилагареи ацәгьоуратә ҟазшьақәеи ыҟам" ҳәа ишьаны рышшыԥхьыӡ аднакылахьан.
Аҟәа араион апрокуратура аҭакԥхықәрадараз ашьаус хацнаркит ԥшьҩык амилициа аусзуҩцәа рганахь ала рашәарамзазы.
Аусбарҭа агәаанагарала, рашәара 4 ААИ агыларҭа "Учхоз" аҿы гәыԥҩык ауаа Урыстәыла атәылауаҩ Сонин С.А. даанкыланы амашьына дҭажьны дыргеит. Аҭыԥ ахь инеиз Аԥсны ААР аусзуҩцәа ацәгьоуцәа рмашьына иашьҭамлеит, рхымҩаԥгашьагьы зхьаԥшра арымҭеит.
Аԥсны
Апрокуратура хада амаҵзуратә цәгьоурақәа рганахь ала 140 рҟынӡа гәаҭара мҩаԥнагеит