Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апрокуратура хада амаҵзуратә цәгьоурақәа рганахь ала 140 рҟынӡа гәаҭара мҩаԥнагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 21– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа 2017-2021 шықәсқәа рыҩнуҵҟа имҩаԥгаз амаҵзуратә цәгьоурақәа ирыдҳәало 148 ҭҵаараԥхьатә гәаҭара мҩаԥыргеит. Абри атәы лҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа реилацәажәараҟны Апрокуратура хада азини акоррупциа аҿагыларазы азакәанԥҵара анагӡашьа ахылаԥшрази русбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Есмеральда Агрԥҳа.
Лара лажәақәа рыла 148 рҟынтәи 114 материал мап рыцәкын ацәгьоура аҟазшьа рымам ҳәа иԥхьаӡаны, 19 ус мап рыцәкын ацәгьоура аҭыԥ амам ҳәа ишьаны, жә-материалк – ашьаусҭҵааратә шьҭазаара аҿҳәара ахьиасыз, ф-материалк –амнистиа иахьаҵанакыз.
2017 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 16 дырра амаҵзуратә цәгьоурақәа рзы, 2018 шықәсазы – 30 дырра, 2019 шықәсазы – 30, 2020 шықәсазы – 42, 2021 шықәсазы - 30.
Агрԥҳа еиқәылыԥхьаӡеит ацәгьоурақәа ркатегориақәагьы. Лара лажәақәа рыла, 36 материал амаҵзуратә мчра ахархәара иаҵанакуеит, 27 материал– амаҵзуратә зинмчрақәа рхыҳәҳәара, 37 материал – амаҵзуратә еиқәырҽаҽара, 14 материал – Аԥсны атәылауаҩ ишәҟәы закәаншьаҭада аҭара, 18 материал – аҭакԥхықәрадара.
Азакәан еилазгаз рҟынтәи 45-ҩык ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа ирмаҵзурауаауп, 124-ҩык – ААР иаусзуҩцәоуп, 11-ҩык – аҵара аусхк иаусзуҩцәоуп. Асиа иаҵанакит жәҩык Аҵара аминистрра, ааҩык Аиустициа аминистрра русзуҩцәа, хҩык агәабзиарахьчара аусзуҩцәа, аӡәы – аҳәынҭнаплакы амаҵзурауаҩ.
Генеральная прокуратура - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Аԥсны
Аԥсны Апрокуратура хада 2021 шықәсазы аҳәынҭмал аимҵәара заҟа аҭыԥ рымаз атәы аҳәеит
Агрԥҳа лажәақәа рыла 49 хҭыс раан апроцессуалтә гәаҭарақәа рымҩаԥгара шьаҭаны иаман атәылауааи аиҿкаарақәеи рдыррақәа, 39 хҭыс раан – Аԥсны АшәМ ахь инашьҭыз аматериалқәа. Аусҭҵааҩ ирапорт ала имҩаԥган 29 гәаҭара, Аԥсны ААР аҟәшақәа рҟынтә аматериалқәа рыла - 12, аӡбарҭа, Апарламент, Ахылаԥшратә палата, Анотариалтә контора рҟынтәи гәаҭарак-гәаҭарак мҩаԥган.
Агрԥҳа ишазгәалҭаз ала имҩаԥгаз ауснагӡатәәқәа иаадырԥшит аусҭҵааратә усбарҭақәа амаҵзуратә цәгьоурақәа рганахь ала апроцессуалтә гәаҭарақәа рхаҭабзиара шеиӷьыртәыз.
"Аматериалқәа рҿы иумбом амҽхак, ахылаԥшра заанаҵтәи аусҭҵаараҿы аҭыԥ аҿтәи апрокурорцәеи аусҭҵааратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәеи рганахь ала. Уи ус шакәу аршаҳаҭуеит агәаҭаратә материалқәа иахәҭо арбарақәа ахьрымам", - лҳәеит лара.
Ауснагӡатә мҩаԥган Апрокуратура хада аусҭҵааратә Усбарҭа алшарала азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Ркоординациатә еилацәажәара ақәҵара (2021ш., ԥхынҷкәын 28) анагӡаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0