АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи ахымхәацәеи неилыхрада ртәанчахәқәа ирыцҵахоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
"Ари аус азгәаҭаны иҟан. Аԥарашәарақәа мҩаԥгахоит 2023 шықәсазы. Анаҩсгьы ари азҵаара аус адаҳулоит. Афинанстә шықәс макьана ихыркәшам, аплантә рбагақәа ҳамоуп", - иҳәеит Бжьаниа.