Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атәылахьчара, аинвестициақәа, аенергетика: Бжьаниа иажәахә аҟнытә иалкаау

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Абҵара 10 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәылауаа рҿаԥхьа иусура алҵшәақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит, анаҩс алатәара иалахәызи ауаажәларреи рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Аенергетика

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа раԥхьа иргыланы АЦә "Аҽгәара" аусура аиԥҟьара иахҟьаны афымцалашара аиуразы иалагалоу аԥкрақәа дырзааҭгылеит.
Бжьаниа иажәақәа рыла, Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаарышьҭуаз афымцалашара иазыԥҵәаз аҿҳәара аамҭа аиаанӡа 15 мшы шыбжьаз иаанкылахеит. Ари арҽеиратә усурақәа рынагӡара еиԥнарҟьеит. Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит алашара арцәараз иалагалоу аԥкрақәа-зыда ԥсыхәа ыҟам ҭагылазаашьоуп ҳәа.
Лампочка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2022
Аԥсны
Авольтҳарак-цәаҳәа "Аҽгәара" аҟынтәи алашара зоуа аԥкрақәа рзалагалахоит
Ахада иажәақәа рыла 160 километра инаӡо ацәаҳәақәа раахәареи рҭыԥ рықәҵареи, астанциа маҷқәа хԥа реиҭашьақәыргылареи, 13 трансформатор рыԥсахреи миллиардк инеиҳаны аԥара ақәхарџьуп.
Бжьаниа иҳәеит атәыла афымцатә ҳақәа ринфраструктура 80% ишыххаахьо.
"Афымцатә цәаҳәақәа русура аиԥҟьара иахҟьаны иаалырҟьаны алашара ацәара ҳаԥсҭазаара иахәҭакны иҟоуп. Ари апроблема аӡбара ҳбиуџьет мацарала иалшаӡом. Аҟазауаа рыҭҵаарақәа рыла, иҟоу ауадаҩрақәа раԥыхразы 20 миллиард мааҭ рҟынӡа итәоит", — иҳәеит Бжьаниа.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, афымцалашара арцәаразы азҵаарақәа змоу рзы аҭел ҷыда шаԥҵахо.
Убри аан ахада иҳәеит ишаԥыхтәу афымцамчтә хыбрақәа рахь аинвистициақәа рынашьҭраз иҟоу аԥкрақәа.
"Хаҭалатәи аинвистициақәа рԥаралагалара азин ҟаҳҵароуп. Арантәи аӡәгьы акгьы иманы дцаӡом. Еилыскаар сҭахуп: 80 капеи шәо. аха алашара анбадырцәари ҳәа уаныԥшуа еиӷьу, 1,5 мааҭ шәаны алашара шыдмырцәо анудыруа еиӷьу. Адунеиаҿ зегьы абасеиԥш инхоит. Ҳаргьы ари адунеи ҳахәҭакуп", - иҳәеит иара.

Атәылахьчара

Аԥсны анапхгара атәыла ашәарҭадараз иахәҭоу ауснагӡатәқәа рыдыркылоит, ҳәа иҳәеит ахада Аслан Бжьаниа.
Атәыла анапхгара иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы шымҩаԥнаго ашәарҭадара аус аганахь ала: аиҿкаара-штаттә ҟазшьа, аҽеизакратә хиара, абџьари атехника ҷыдеи рыла аиқәыршәара, аматериал-техникатә еиҿкаара рганахь ала иҳәеит ахада.
Иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьаан раԥхьа иргыланы ахатәы ҳәынҭқарра аҿиара алагалақәа азулатәуп, удгылаҩи уареи шәеизыҟазаашьақәа бзиазароуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны - Кавказ арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәара апроцесс аҿы хра злоу тәыланы иҟоуп. Ҳаргьы иҳалшо ҟаҳҵоит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы иҿиаларц, уи ҳажәларқәа рзы ихәарҭахарц", - иҳәоит атәыла ахада.
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2022
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны ашәарҭадараз иахәҭоу ауснагӡатәқәа рыдыркылоит

Аинвестициақәа

Ашәарҭадара — аҿиара иашьаҭоуп, аинвестициатә ҭагылазаашьа иахәҭа хадоуп ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Иара иазгәеиҭеит аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа Аԥсны ахь аинтерес аадырԥшуа ишалагаз, иҳәеит ареспубликаҿ амшынтә баӷәазақәеи атранзиттә лшарақәеи шыҟоу.
Бжьаниа иажәақәа рыла хаҭалатәи аинвестициақәа ирыбзоураны атәыла араионқәа рҿы аинвестициатә проект дуқәа аус шыруа, ишаарту атуристтә хыбрақәа.
"Ари иаанаго ҳара иахьатәии уаҵәтәии ҳԥеиԥш агәра ргоит ауп" иҳәеит Бжьаниа.

Аԥсны аҿиара аплан

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҳалшеит афинанс-економикатә, абанктә, агәабзиарахьчаратә, акультуратә, атәылахьчаратә, аконституциатә закәанԥҵара русхкқәа рҟны аиҭакрақәа рымҩаԥгара, азгәеиҭеит Бжьаниа.
Атәыла анапхгара ирылшеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны иҟаз ауадаҩрақа риааира, уи ала атәыла аҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа азнархиеит иҳәеит ахада.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит атәыла аиҳабыра 2022-2025 шықәсазтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аплан шеиқәдыршәаз.
Аслан Бжьаниа иҳәеит аспорт аҿиара азхьаԥшра ду шаҭаз:
7 миллионк рыхшәаауп аԥқьаҭасырҭақәа рремонт,
Дәрыԥшь ақыҭантәи астадион-маҷ иахшәаауп 4,8 миллион мааҭ,
ихацыркуп ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат,
ацхыраара роуеит апрофессионалтә спортсменцәа,
ашьапылампыласырҭақәеи аспорттә залқәеи дырҿыцуеит,
ахархәарахь ирыҭоуп аолимпиатә ӡҭарчы.
Ахада иҳәеит 100 миллион мааҭ инареиҳаны ишрықәхарџьу амҩақәа, ацҳақәа фба реиҭашьақәыргылара.
80 миллион мааҭ азоужьуп ареспубликатә биуџьет аҟынтәи апрограмма "Анхарҭа".
Ахада иажәақәа рыла ацхыраара рыҭоуп 97 ҭаацәара. 2022 шықәсазы апрограмма иазынашьҭуп 47 рзаҳал. Урҭ рҟынтәи 14 - актәи агәыԥ иатәу аинвалидцәа иаарышьҭит, 16 – аинвалидцәа ахәыҷқәа змоу, 14 – ахшара рацәа змоу, 2 – аибашьраан иҭахаз рҭаацәа, 1-аиаҭым иҟынтә.
© Sputnik Аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" алҵшәақәа
Аҳәынҭқарратә программа Анхарҭа-2022 алҵшәақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2022
Аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" алҵшәақәа

Азакәан зегьы ирзеиԥшзароуп

Аслан Бжьаниа иҳәеит аҳәынҭқарра аусурақәа шымҩаԥнаго азинеиҿкаара аиқәыршәаразы, ацәгьоурақәа раарԥшразы, ашәарҭадара амҩатә шәарҭадарагьы налаҵаны реиҿкаараз.
"Ауаа рыхә ыҵырхырц азы рӷьычра аиԥш иҟоу ацәгьоурақәа анцәа иџьшьаны иахьазы иҟам. Имаҷхеит ақәыларақәеи арҳәрақәеи, ауаҩшьрақәеи. Аҳәынҭқарратә маҵзурауаа ируа ацәгьа рҽацәырыхьчартә аҭагылазаашьа рыҭам". - иҳәеит ахада.
Иазгәеиҭеит Иусбарҭаҟынтә Апарламент ахь ишынашьҭу акоррупциаҿагыларатә закәанԥҵара ариашарақәа ралагаларазы апроект.
Бжьаниа хазы дазааҭгылеит амҩатә ԥҟарақәа реилагара азҵаара арӷәӷәара.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2022
Аԥсны
Ижәны амҩатә ԥҟарақәа еилазго рзы ахараԥсақәа рӷәӷәахоит Аԥсны

Анефҭ аҵхра

Аслан Бжьаниа абри аус аҿы ишәарҭароу акгьы ибом, Аԥсны ус еиԥш алашара амазар.
Аха иара игәаанагарала анефҭ аҵхра азҵаара актуалра ацәыӡит.
Иҳәеит аҭҵааратә усурақәа шымҩаԥысуа, аха апроект анефҭ ахәқәа аныҳаракыз аинтерес шаҵаз.
"Анефҭ аҵхра апрактикатә ҟазшьа амоуит", - иҳәеит ахада.

Белоруссиеи Аԥсни реизыҟазаашьа

Белоруссиеи аҽа тәылаки рыбжьара шықәсыктәи атауареикәыршара 50 млн доллар иартәозар, уа Ацҳаражәҳәарҭа аартхоит ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа Александр Лукашенко иажәақәа игәаларшәо.
"Белоруссиа Очамчыра араион аҿы 50 млн доллар иреиҳау апроект анагӡара иаҿуп. Сгәы иаанагоит, уи анхыркәшахо аамҭазы ҳаизыҟазаашьақәа аполитикатә хырхарҭақәа ҳарзааҭгылап ҳәа", - иҳәеит Бжьаниа.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, Лукашенко дшазыхио Аԥсныҟа ақыҭанхамҩатә техника аашьҭра, ализинг аформалагьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0