Абҵара 10 адунеи аҿы иазгәарҭоит Аҿар рымш. Sputnik арадиостудиа асасцәа Камыгә Габрааи Сариа Касланӡиаԥҳаи еиҭарҳәеит аҿар аусурҭатә ҭыԥ аԥшааразы ирымоу ауадаҩрақәа ртәы.
"Сгәыԥ аҟынтә 13-ҩык ахьыҟаз ԥшьҩык роуп аусурҭатә ҭыԥ зыԥшаахьоу. Аҵара ҳалгеижьҭеи шьҭа ԥшьы-шықәса ҵуеит. Хаҭала сара – ҩышықәса усурҭада сыҟан", - еиҭеиҳәеит Габраа.
Касланӡиаԥҳа лажәақәа рыла, ауниверситет аҟны лҵараҵара инаваргыланы уаҟа лаборанст аус шылуа. Сҩызцәеи сареи ҳзанааҭ ала аусура ҳҭахәуп, лҳәеит лара.
Гамыгә Габраа игәаанагарала аиҳабацәеи арҵаҩцәеи рҭакԥхықәра дууп аҿар рымҩақәҵараҿы.
Аҿар рхаҭарнакцәа ирҳәеит, дара-дара реицәажәараҿы ирыгуи уадаҩрақәас ирԥылои ртәы ишалацәажәо, анаҩсан, урҭ аҿар рхеилакқәа рҿы аус шадыруло.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.