Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габрааи Касланӡиаԥҳаи еиҭарҳәеит аԥсуа ҿар ирԥыло ауадаҩрақәа ртәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габрааи Касланӡиаԥҳаи аҿар рхы ззыркша иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҿар рассоциациа "Аԥеиԥш" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сариа Касланӡиаԥҳаи Атәыла ахада иҿы иаԥҵо астратегиатә ҭҵаараҟәша рцентр адәныҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩы Камыгә Габрааи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит иахьатәи аамҭазы аҿар рхы ззыркша.
Абҵара 10 адунеи аҿы иазгәарҭоит Аҿар рымш. Sputnik арадиостудиа асасцәа Камыгә Габрааи Сариа Касланӡиаԥҳаи еиҭарҳәеит аҿар аусурҭатә ҭыԥ аԥшааразы ирымоу ауадаҩрақәа ртәы.
"Сгәыԥ аҟынтә 13-ҩык ахьыҟаз ԥшьҩык роуп аусурҭатә ҭыԥ зыԥшаахьоу. Аҵара ҳалгеижьҭеи шьҭа ԥшьы-шықәса ҵуеит. Хаҭала сара – ҩышықәса усурҭада сыҟан", - еиҭеиҳәеит Габраа.
Касланӡиаԥҳа лажәақәа рыла, ауниверситет аҟны лҵараҵара инаваргыланы уаҟа лаборанст аус шылуа. Сҩызцәеи сареи ҳзанааҭ ала аусура ҳҭахәуп, лҳәеит лара.
Гамыгә Габраа игәаанагарала аиҳабацәеи арҵаҩцәеи рҭакԥхықәра дууп аҿар рымҩақәҵараҿы.
Аҿар рхаҭарнакцәа ирҳәеит, дара-дара реицәажәараҿы ирыгуи уадаҩрақәас ирԥылои ртәы ишалацәажәо, анаҩсан, урҭ аҿар рхеилакқәа рҿы аус шадыруло.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0