АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аԥснытәи амилициа аҭоурых шәышықәса ирҭысит. Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа изныкымкәа иаадырԥшит рыжәлари рыԥсадгьыли гәык-ԥсык ала ишырзыҟо. Абџьар кны ирыхьчон ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи, аҭынчуааԥсыра ашәарҭара иацәыхьчо ацәгьоуцәа ирҿагылан". - азгәеиҭеит атәыла ахада.
Бжьаниа иазгәеиҭеит аусбарҭа азакәани азинеиҿкаареи рыхьчараз ихадоу акакәны ишыҟоу.
"Шәмаҵзуратә рбагақәа иазгәарҭоит шәԥышәа, шәшазыхиоу акриминали акоррупциеи рҿагылара, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчара аиҿкаара, ҳаԥсҭазаараҿ азакәан аԥышәара аҭараз шәылшарақәа", - аҳәоит адныҳәалараҟны.
Бжьаниа иазгәеиҭеит амилициа аусзуҩцәа рыхьӡ-рыԥша шышьҭыхлатәу, ҳтәылауаа рыгәрагара шырзырхынҳәтәу.