Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла атәылахьчара: урыстәылатәи ар Днепр армарахьтәи аган ахь ииасуеит

Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Еиду урыстәылатәи ар ргәыԥ адҵаҟаҵаҩ Сергеи Суровикин иажәадгала дақәшаҳаҭхеит Херсонтәи аобласт аҿы Днепр армарахьтәи аган ала ахырӷәӷәарҭақәа реиҿкааразы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Николаево-Криворожсктәи ахырхарҭала урыстәылатәи ар Днепр армарахьтәи аган ахь ииасуеит, аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Ишьақәырӷәӷәоу аплан инақәыршәаны урыстәылатәи ар Днепр армарахьтәи аган ахь ииасуеит", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Еиду урыстәылатәи ар ргәыԥ адҵаҟаҵаҩ Сергеи Суровикин уажәаԥхьа иҳәахьан иахьазы арегион аҟынтәи ишалгоу 115 000-ҩык ауааԥсыра.
Ари ахырхарҭаҟны нанҳәа-цәыббра амзақәа рзы аӷа иоуз ацәыӡқәа 9,5 ҩык рҟынӡа инаӡоит, урыстәылатәи аган иамоу ааха акырӡа еиҵоуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу адҵа ҟаиҵеит ар Днепр армарахьтәи аган ала иқәгазарц