Аԥсны

2023 шықәсазы Аԥсны амедицинатә ԥгаԥса Афонд абиуџьет аиҳарак ахимиахәшәқәа ирыздырхоит

Аминистрцәа реилазаара Аԥсны амедицинатә ԥгаԥса Афонд 2023 шықәсазтәи абиуџьет (59 миллион 608 нызқьмааҭ) ибзиоуп ҳәа иршьеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik. 2023 шықәсазы Аԥсны амедицинатә ԥгаԥса Афонд абиуџьет аиҳарак ахимиахәшәқәа ирыздырхоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Афонд ахантәаҩы Валентина Жьиԥҳа.

Лара лажәақәа рыла 10 миллион мааҭ рҟынӡа ахәшәқәа аԥхьакразы инашьҭхоит.

"Уажәы ахәшәқәа роура ауадаҩрақәа амоуп, иуҭаху зегьы урыстәылатәи аџьармыкьаҿы аахәара залшом, рыхәқәа шьҭыҵит, аахәарагьы апроблемақәа амоуп. Уи азы иҳаӡбеит 10 миллионк рҟынӡа ахәшәқәа ԥхьакразы иазҳархоит", - лҳәеит лара.
Жьиԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны акьыбачымазара змоу рхыԥхьаӡара иацлоит. Мызкы аҩныҵҟа 20-ҩык рҟынӡа ачымазцәа ҿыц ашәҟәы рыҽҭаргалоит.
Аԥсны
Апарламент Аԥсны ибиуџьеттәым афондқәа быжьба 2022 шықәсазтәи рбиуџьетқәа аднакылеит
"Ибзиан ачымазцәа хәшәыла реиқәыршәара мызк аҩныҵҟа акәымкәа ианаму ҩымчыбжь рыҩныҵҟа еиҿкаазар. Акурс ианаамҭо иалагарц азы. Еснагь иуадаҩуп ианаамҭо апациентцәа хәшәыла реиқәыршәара. Иҟоуп шықәсыбжак рҟынӡа иаҳмоуц ахәшәқәа. Дара ачымазцәагьы ирзыԥшаауам", - лҳәеит лара.
Аминистрцәа реилазаара Аԥсны абиуџьетнҭыҵтәи Афондқәа 2023 шықәсазтәи рбиуџьетқәа шьақәнарӷәӷәеит жьҭаара 28 азтәи аилатәараҿы.
2022 шықәсазы Аԥсны амедицинатә ԥгаԥса Афонд ахашәалатәии аныхратәии хәҭақәа шьақәырӷәӷәан 45 миллиони 500 нызқь мааҭ ҳәа.