Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апарламент Аԥсны ибиуџьеттәым афондқәа быжьба 2022 шықәсазтәи рбиуџьетқәа аднакылеит

© Sputnik / Алексей МальгавкоПродавец на рынке пересчитывает деньги
Продавец на рынке пересчитывает деньги - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша жәабран 17 рзы.
АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны ибиуџьеттәым афондқәа быжьба 2022 шықәса рызтәи рбиуџьетқәа.
Адепутатцәа изларӡбаз ала, Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьеи рфонд ааимҭақәа рымҽхак 122 миллион 816 нызқь мааҭ иартәеит, аныхымҭақәагьы убриаҟара - 122 миллион 816 нызқь мааҭ.
Выдача пенсий. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2022
Аԥсны
Атәанчахәытә фонд ауалқәа ажьырныҳәамза нҵәаанӡа ишыхнаҩо атәы аҳәеит
Уаанӡа афонд абиуџьет 15 миллион мааҭ азԥхьагәанаҭон асанатор-курорттә хәшәтәразы. Адепутатцәа изларӡбаз ала, ари ахәҭаҷ хә-миллионк ахыхны Зҭаацәара маншәалам ахәыҷқәа рцентр ахь ирышьҭит.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ахымхәацәа рфонд ааимҭақәа рзеиԥш шәагаа иартәоит 166 миллион 159 нызқь мааҭ, убриаҟарагьы афонд аныхымҭақәа шьақәдырӷәӷәеит.
Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд ааимҭақәеи аныхымҭақәеи шьақәырӷәӷәан 45 миллион 500 нызқь мааҭ ҳәа.
Арепатриациа афонд абиуџьет ишьақәнаргылеит 209 миллион 308 нызқь мааҭ. Адепутат Натали Смыр лажәақәа рыла, 2022 шықәсахьы ииасыз аԥаратә цәынха 100 миллион мааҭк иартәеит. Уи зыхҟьаз ҳәа Алхас Џьынџьал иазгәеиҭеит арепатриантцәа рзы аҩныргылара иахьаҟәыҵыз ауп ҳәа.
Адепутатцәа ажәалагала ҟарҵеит Афонд аԥаразоужьра рзаартызарц уи ззы иаҭахыҵәҟьоу апрограмма шьақәырӷәӷәаны ианрыдыргалалак ашьҭахь. Абиуџьет рыдыркылеит абри ариашара алагаланы.
Аԥсны Амҩатә фонд абиуџьеттә хәҭа 115 миллион мааҭ иҟоуп, аныхратә хәҭа - 119 миллион мааҭ, иацәынхаз ԥшь-миллион мааҭк "Аԥсныавтомҩа" иазоужьхоит субсидиак аҳасабала.
Атәанчахәытә фонд абиуџьет 1 миллиардки 286 нызқь мааҭи иартәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0