Аԥсны

Аҟәа имҩаԥгахоит Амиран Адлеиба ицәыргақәҵа

Ауснагӡатә аатуеит асааҭ 13:00 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал аҿы (Лакоба, 31).
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik. Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхыҩ, аскульптор Амирана Адлеиба ицәыргақәҵа аатуеит абҵара 14 асааҭ 13:00 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал аҿы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.

Ацәыргақәҵа Амиран Адлеиба ииубилеи инақәыршәан еиҿкаауп, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз иусумҭақәа рыла еиқәыршәоуп.

Асахьаҭыхыҩ ирҿиамҭақәа рбара алшоит абҵара 19 рҟынӡа.
Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба 35 иԥсҭазаара арҿиара иазикит. Аскульптор, асахьаҭыхыҩ, еицырдыруа абаҟақәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы игылоу "Аҟама" назлоу равторс дыҟоуп.
2022 шықәса нанҳәамзазы Аԥсны ахада иусԥҟала Амиран Адлеиба "Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп.
Арадио
Амиран Адлеиба: асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа реиҵааӡаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит