АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik. Евроеидгыла Ахеилак ахьӡала ахантәаҩра зуа Чехиеи Европарламенти "Украина аоккупациа зызуу аҵакырақәеи" рҟни, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыҭоу Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа шазхарымҵо азы еиқәшаҳаҭхеит. Абри атәы аҳәоит Ахеилак адырраҭараҿы.
"Евроеидгыла Ахеилаки Европарламенти Украинеи Қырҭтәылеи рҵакырақәа рҿы ирыҭоу Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа шазхарымҵо азы еиқәшаҳаҭхеит. Абри азы атекст анаҩстәи ақәшаҳаҭратә шьаҿақәа рымҩаԥгараз Ахеилаки Апарламенти рахь ашьақәырӷәӷәараз инашьҭуп", - азгәаҭоуп адокумент аҿы.
Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп арҭ аҵакырақәа рҿы инхо атәылауаа ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа Шенгентәи аҵакыра аҳәаақәа рхысраан иҵаҵӷәыдоуп ҳәа.
Еврохеилак аҿы иргәаладыршәеит ЕХ арҭ арегионқәа рҿы ирыҭоу аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа шазхарымҵоз.
"Ари аӡбамҭа иаку азнеишьа шьақәнаргылоит, азеиԥш визатә политика амҩаԥысра иацхраауеит, еиқәнаршәоит ЕХ аҳәынҭқарра-лахәылацәа ршәарҭадара", - азгәарҭеит Ахеилак аҿы.