- Ахра, шәахьца шәаалеит ҳәа шәасҳәоит, ҳаԥсуа университет гәыԥҩык астудентцәеи уареи шәеицны ҳашьцәа абазақәа рҿы шәыҟан ҳәа саҳаит! Уи даара иус бзиоуп ҳмилаҭқәа рзы, избанзар ҳҿар шаҟа доуҳала еизааигәахо аҟара, убриаҟара иӷәӷәахоит ҳаиашьара, ҳгәыбылра, наҟ-ааҟ иҳабжьоу ацҳа. Насгьы, ҳара иҵегь аус аауроуп ҳдоуҳатә культурақәа рырҿыхараҿы, реимадараҿы, уаанӡа иҟаз алитературатә еиԥыларақәа иҵегь иҳарҿыцроуп. Уажәы, Ахра, иааркьаҿны иаҳзеиҭоуҳәар ҳҭахуп уахь шәцара шыҟалаз, дара шәнарԥхьама?
- Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәеи араҟа аҵара зҵо астудентцәеи гәыбылра дула ҳарзыҟоуп нхыҵ инхо ҳашьцәа. Убас, сынтәа жьҭаара 26 – 31 рзы ААУ Владимир Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа аҭыԥ хада анапхгарала афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи азанааҭ I – II акурсқәа рстудентцәа: Анқәаб Даниел, Бигәаа Марина, Чхеиӡе Елана, Кархалаа Камила, Цкәуа Иланда Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика аҳҭнықалақь Черқьесск имҩаԥысуаз Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль иалахәын.
Аԥснытәи аделегациа Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликаҟны рыҟазаара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа хацыркын "Аиааира Абаҳчаҟны" иҟоу Ҟарачы-Черқьесиантә Аԥсны ахьчара зхы ақәызҵаз аҵеицәа рбаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аделегациа жьҭаара 28 рзы иаҭааит Х. Дагужиев ихьӡ зху Ҟәбинатәи абжьаратә школ. Уаҟа, аҭыԥантәи аҵаҩцәеи дареи еилахәны еицымҩаԥыргеит Ҟәбина ииз, иааӡаз еицырдыруа абаза шәҟәыҩҩцәа Џьемуладин Лаҩыҵәи Ҟали Џьгәаҭани риубилеитә шықәсхыҵрақәеи Ҟәбина ақыҭа шьақәгылеижьҭеи (1862 ш.) 160 ш. ахыҵреи ирызкыз ахәылԥаз. Аиԥылараҟны иқәгылеит иара убас, еицырдыруа абаза ҵарауаҩ Сергеи Пазов, хаҭала сара, аиԥылара зыхьӡ адҳәалаз, абазажәа сахьарк арҿиаҩцәа хатәрақәа рԥацәа – Борис Џьгәаҭан, Нури Лаҩыҵә, аҭыԥантәи ашкол адиректор Умар Курачинов уҳәа уб. иҵ.
Ахра Анкваб и студенты участвовали в фестивале КЧР
© Foto / предоставил Ахра Анкваб
- Ахра, сара иахьынӡаздыруа, уи академик Шоҭа Салаҟаиагьы иазгәеиҭахьеит, Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспубликаҿы иҿио амилаҭтә литературақәа раԥхьа сахьаркыратә хәыцшьала, сиужеттә хыҵхырҭала (азеиԥш фольклор аҟынтәи иаауа), бызшәала, шьҭыбжьгашьала ҳара еиҳа иаҳзааигәоуп абаза литература. Уи иагьџьашьатәым. Ишдыру еиԥш, аԥсуааи абазааи архнышьна еиҩызҵәаз аҩеишьцәа ирхылҵыз ҳауп. Нхыҵ Кавказ инанагаз абазақәа, аԥсуаа реиԥш, нхарҭа ҭыԥс ирымаз Амшын еиқәа аԥшаҳәеи Апснытәи ашьхақәа рымҵеи ракәын. Иахьа урҭ рхатә литература рыманы ишыҟоугьы, аԥсуааи дареи еиҭагаҩыда аицәажәара рылшоит. Уара устудентцәеи дареи ирҳәоз ҭырџьманда еилибамкаауази?!
- Ааи, дареи ҳареи шамахак есымша ҳбызшәала ҳаилибакаауеит, ҳаицәажоит. Урҭи ҳареи ҳаиԥыларақәа рҿы анцәа иҟнытә ҭырџьман даҳҭахӡам! Жьҭаара 29 рзы ҩышәҩык инарыцны аҿарацәа злахәыз афестиваль аҟны Аԥснытәи астудентцәеи, убасгьы урҭ ирыцны уахь инеиз – Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1, В. Аргәын ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 рҵаҩцәа рықәгыларақәа гәахәара ҳаракыла ирыдыркылеит зегьы.
Аԥснытәи афестиваль алахәцәа аԥсышәала мацара акәымкәа исахьаркны ирыԥхьеит ҳазну ашықәс азы зиубилеитә шықәсхыҵрақәа ыҟоу абаза поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи Ԥ. Цеҟәа, Џь. Лаҩыҵә, Ҟ. Џьгәаҭан, М. Ҭлабыча уҳәа рырҿиамҭақәа абаза бызшәала.
Жьҭаара 30 рзы аиԥылара мҩаԥган еицырдыруа аҵарауаҩ нага Н. Б. Екба ихьӡ зху Старокувинсктәи (Хәажәдутәи) абжьаратә школ аҟны. Араҟагьы, ари ақыҭа иалиааз, сынтәа зиубилеитә шықәсхыҵрақәа ыҟоу Ҳамид Џыри Мира Ҭлабычеи рырҿиара иазкны иҟасҵаз ақәгылара анаҩс, ажәеинраалақәа исахьаркны арыԥхьара хадырҭәаауан аҭыԥантәи аҵаҩцәа рашәаҳәареи рыкәашарақәеи.
Нхыҵтәи ҳашьцәеи ҳареи ҳаибабара агәцаракреи, иҵегь арцыхцыхреи рзы ажәа ԥхақәа рыла иқәгылеит ашкол адиректор Кьылба Амра, В. Аргәын ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 адиректор Лиудмила Ристова, Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Роберт Ашба уҳәа аӡәырҩы.
Ари аиԥылара азкын, убасгьы Хәажәду – Старокувинск иқәынхо, Ԥсыҳәынтәи илбааны (1867 ш.) уаҟа анхара нап адыркижьҭеи 155 шықәса аҵра. Ҟәбинеи Хәажәдуи (Старо-Кувинск) рышколтә музеиқәа рҟны ирбаз-ираҳаз, шьханхыҵтәи ҳаиашьара рҭоурых зырҵабыргуа ажәабжьқәеи амаҭәарқәеи даараӡа гәахәа ҳаракыла ирыдыркылеит Аԥснытәи аҿар.
Еиҵагыло Аԥснытәи аҿари, Нхыҵ-Кавказтәи ҳаиашьаратә жәларқәеи реимадарақәа, еиуеиԥшым хырхарҭала рырҵауларазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, ҳазну ашықәс цәыббрамза 22 рзы иаартыз, В. П. Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа Аҭыԥ хада раԥхьатәи ашьаҿақәа иреиуоуп ари ахҭыс. Ҳгәы иҭоуп, лшарак шааҟалалак, убри аҩыза аиԥыларақәа абра Аԥсынгьы еиҳагьы инарҭбааны реиҿкаара, уи аҩыза агәаҳәара ҳара арҵаҩцәа ҳамацара ҳакәӡам измоу, ҳастудентцәа зегьы убри амш гәырӷьарыла ишаԥыло агәра аагоит!
Ахра Анкваб и студенты участвовали в фестивале КЧР
© Foto / предоставил Ахра Анкваб
- Ахра, Абаза литературазы екскурс хәыҷык ҟаҳҵозар, аҵарауаа иазгәарҭахьеит абаза литература ашьаҭаркҩы ҳәа дшыԥхьаӡоу Кавказ зегьы ибзианы еицырдыруаз Ҭаҭлысҭан Табулов (1879 - 1956). Уигьы, Дырмит Гәлиа иеԥш, инапы злакыз рацәаӡан, дырккаҩын, дырҵаҩын, бызшәадырҩын, фольклористын, дпоетын, дыпрозаикын, дыдраматургын, ажәакала, денциклопедистын.
- Абаза шәҟәыҩҩцәа рахьтә Табулов инаҩсангьы, рыхьӡ ҳәатәуп еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵаркуа егьырҭ апоетцәа, апрозаикцәа, адраматургцәа: Џьыр Ҳамид, Исмаид Табулов, Ԥасарби Цеков, Џьыгәыҭан Кали, Бемурза Ҭҳаиҵухов, Микаель Чикатуев, Мара Тлиабичева, Керим Мхце, Лариса Шебзухова уҳәа убас ирацәаҩны. Ииашоуп, абаза литература аҭоурых ду змоу литературоуп, иахьынӡахәҭоу аӡыргара амамзаргьы. Ҳара ҳаԥсуа литературагьы ус ами, макьанагьы адунеи еиҭаганы иамбац шаҟа хазына ҳамои? Еиҳаракгьы раԥхьаӡа иргыланы ҳаиашьаратә жәларқәа ирызнагатәуп ҳлитература иреиӷьӡоу арҿиамҭақәа. Убри ауп изызку аҿари ҳареи ҳаиԥыларақәа, урҭ рҩызцәа рҟынтәи ираҳароуп ҳара ҳазхыҽхәо аҩымҭақәа рыхьӡқәа, дара абаза ҿаргьы ргәы аладуны еиҭарҳәон рлитератураҿы ицәырҵхьоу арҿиамҭақәа рыхьӡқәа.
Ҳаибабара иалахәыз еиҵагыло абиԥарақәа рхаҭарнакцәа ирызнарҵысыз агәыбылра, аизгәыкра акырӡа қәра дула, бзанҵык имажәуа, Кавказ арҩашқәа реиԥш агәгәаҳәа еилашлоит урҭ ԥхьаҟатәи рыбзазараҿы. Анаҩсгьы, қәҿиарала иеихаҳахалап ҳәа агәыӷра лашақәа ҳамоуп здацқәа кырӡа иҵаулоу Нхыҵ-Кавказтәи ажәларқәеи ҳареи ҳаиашьара. Есааирагьы ишьақәырӷәӷәо, кәашкны ҳшеилаҵәо, ҳамч-ҳалша ҩбатәуа, ҳразҟымҩа ҳчаԥалароуп. Уи иауасхырхоит ҳҵеира лассы-лассы реибарбара, реиҭанеиааирақәа реиҿкаара, реибадырра.
Ахра Анкваб и студенты участвовали в фестивале КЧР
© Foto / предоставил Ахра Анкваб
- Ҷыдала Аԥсны еиҳа дазааигәан, лассы-лассы арахь даауан, иҩызцәа-идырцәа рацәан Микаель Чкату. Уи акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа ҭижьхьан аԥсышәала, еизга " Асонетқәа" рзы уи ианашьан Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа, ихҵан Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. 2011 шықәсазы Аҟәа иҭыҵит абаза бызшәала Микаель Чкату иҩымҭақәа реизга хә-томкны. Сара схаҭагьы 12 шықәса раԥхьа, 50 шықәса анысхыҵуаз сиубилеи аан И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотекаҟны имҩаԥысуаз сиубилеи аҿы ажәа бзиа иҳәеит. Уи иахьауажәраанӡагьы изгәалашәо рацәаҩуп, анцәа иџьшьаны уи агәырӷьаратә еиԥылараҿы иқәгылара афотоҭыхымҭагьы еиқәхеит.
- Микаель Чкату Аԥсны данааилак зегьы аӡәаӡәала имбакәа дцаӡомызт. Ҳкультуратә хәышҭаарақәа зегьы рҿы днеиуан, дрыҿцәажәон, иара иҩымҭақәа нижьуан, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рышәҟәқәа игон, абаза бызшәахь еиҭеигон. Уи даара дырзааигәан ҳашәҟәыҩҩцәа рҟынтәи Алықьса Гогәуеи, Владимир Анқәаби, Борис Гәыргәылиеи. Ҳара ҳҿари ҳареи убарҭ аиашьаратә цҳақәа зегьы еиқәҳархароуп, рмаакырақәа ҳарӷәӷәароуп!
Убас еиԥш Аԥсны имҩапысуа алитература-рҿиаратә хәылԥазқәа, агәырӷьаратә еилатәарақәа рыҽрылалрхәуеит Ҟарачы-Черқьесиа жәлар рпоет Лариса Шебзухова.
- Саргьы даара бзиа избоит Лариса Шебзухова лырҿиара, лажәеинраалақәагьы маҷымкәа еиҭазгахьеит!.. Ахра, уара иугәалашәозар ҟалап сынтәа уи Аԥсны данааз, лышәҟә ҿыцқәа рӡыргараҿы ԥыҭк срыԥхьеит. Иара убасгьы Владимир Занҭариа лажәеинраала ҿыцқәа еиҭеигеит. Даара аҭҵаарадырратә статиа бзиа лызкны ажәахә ҟаиҵеит ҳҵарауаҩ қәыԥш Инал Гыцба. Ажәакала, ҳашьцәа абазақәеи ҳареи ҳаимадара аганахьала маҷ ҟаҵаӡам, урҭ рахьтә иаарылукаартә иҟоуп шықәсқәак раԥхьа абаза поетцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, акритикцәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи рырҿиамҭақәа еидкыланы аԥсшәахь изнаҳҵаз ажурнал "Алашара" номерк шеибгоу. Ҳгәы иҭоуп уи даара иԥшӡаны шәҟәны аҭыжьра, нас уахь ҳашәҟәыҩҩцәа рацәаҩны иҳаман ҳцоит, инарҭбаан аӡыргара ҟаҳҵоит дара рҿы! Убригь хымԥада ҳаиашьара арыӷәӷәаразы акраанагоит!
Уажәазы, Ахра, даара иҭабуп ҳәа уасҳәоит иахьатәи ҳаицәажәаразы, избанзар, иахьа аамҭа егьа иуадаҩзаргьы, уаҵәы иҵегь имариахарц азы, аишьцәа иахьыҟазаалакгьы еибаԥшаалароуп, рыжәҩахыр еидызароуп, нас ауп аԥша бааԥсқәагьы рыхҟьаны ианцо, убри азы, изааӡаз ршьам дгьылқәа рҿы ршьапқәа ӷәӷәаҟацаӡа игылазароуп!