Аԥсны

Аԥсны ахада атәылахьчара аобиектқәа гәеиҭеит

Агәаҭарақәа ирылахәын Ахада иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, арратә ҽеизакразы аусутә гәыԥ алахәылацәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба далархәны имҩаԥигеит атәылахьчара аобиектқәа ргәаҭара, абри атәы аанаҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Агәаҭарақәа мҩаԥган абҵарамза 7 рзы Ахада иусбарҭаҟны имҩаԥысыз аҵыхәтәантәи аусуратә еилацәажәараҟны ирыдыркылаз аӡбамҭақәа рынагӡара инамаданы.
Аԥсны имҩаԥысуеит арратә ҽеизакра аҩаӡара агәаҭареи ашәарҭарақәа рҿагылареи ирызку аусура. Арбџьармчқәа иахәҭоу абџьари атехника ҷыдеи рыла аиқәыршәаразы ашьаҿақәа ҟарҵоит, ирԥылоит анаплакыҩцәа, ԥхьатәара иҟоу атәылауаа азыҟарҵоит, аграждантә хыхьчара аобиектқәа ринвентаризациа мҩаԥысуеит.
Абжьгарақәеи хырԥашьа змам азҵаарақәеи рҭыԥ рықәҵара еиҿкаан аусутә гәыԥ, уи напхгаҩыс даҭан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов.
Аԥсны
Бжьаниа аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәраз аусутә гәыԥ аиҳабы диԥылеит