Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада абизнесуаа алархәны атәыла ашәарҭадара арӷәӷәара азҵаарақәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Встреча Аслана Бжания с представителями бизнеса
Встреча Аслана Бжания с представителями бизнеса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2022
Анапаҵаҩра
Ахада ажәалагала ҟаиҵеит абизнес ахаҭарнакцәа гәыԥҩык Аԥсны амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы абжьгарақәеи, ахәшьара рыҭареи, аус рыдулареи рзы аусутә гәыԥ иалахәызарц.
АҞӘА, жьҭаара 12– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспублика абизнес-еилазаара ахаҭарнакцәа дырԥылеит атәыла ашәарҭадара азҵаарақәа рылацәажәаразы.
Бжьаниа иҳәеит ааигәа анаплакҩцәа аҳәынҭқарреи атәыла арбџьармчқәеи ацхыраара рыҭара азҵааразы ишидҵаалаз.

"Угәы уҽанҵоуп, ус анакәха уеиқәшәоуп" апринцип сықәныҟәоит. Ҳҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аха аҽеиҭанакыр, ҳахианы ҳаҟазароуп. Уи азы иахәҭаны иҟоуп ашәарҭадара аҩаӡара ашьҭыхразы аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәак рымҩаԥгара", - ҳәа иҳәеит ахада.

Ари аус аҿы анаплакҩцәа рроль акраҵанакуеит иҳәеит ахада. Иара иазгәеиҭеит иарбан тәылазаалак арбџьармчқәа еснагь адгылара шырҭаху.
"Абизнесуаа ҳаҭыр дула сырзыҟоуп. Ҳалшарақәа рыла ҳҽазаҳшәоит абизнес аҭагылазаашьа бзиа азаԥҵара. Ибзиан еилаҳкаауеит аҭыԥантәи абиуџьет аиҳарак абизнес-усбарҭақәа рлагалақәа рыла ишеиҿкаау, шәара шшәакәу ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра ахаҿра еиҿызкаауа", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәразы аусутә гәыԥ анапхгаҩы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов агәыԥ аусура алҵшәақәа дрылацәажәеит.
Встреча с Сергеем Пустоваловым - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2022
Аԥсны
Бжьаниа аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәраз аусутә гәыԥ аиҳабы диԥылеит
"Ҳгәыԥ еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥнагахьеит, арратә хәҭақәа ҳарҭааны амобилизациатә зыҟаҵара аҭагылазаашьа ахәшьара аҳҭеит, Атәылахьчара аминистрраҟны аилацәажәара мҩаԥаагеит. Иазҳархиеит абжьгарақәа, урҭ рышьаҭала зҵаарақәак рыӡбразы абизнес еилазаарахь ацхыраара аҳәара ахәҭаны иаҳшьеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Раԥхьа иргыланы ахәшәқәеи раԥхьатәи амедицинатә цхырааразы ахархәагақәеи рыҵәахқәа харҭәаатәуп, еиҿкаатәуп амедицинатә усзуҩцәа рзы атактиатә медицина акурсқәа, иаахәатәуп ҳаамҭазтәи амобилтә еимадара ахархәагақәа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа. Уи адагьы арратә хәҭақәа реилазаара еиқәыршәатәуп акәылӡкьаҿқәа, абаллистикатә ланарԥшыгақәа, атактикатә напхаҵақәа.
Пустовалов иҳәеит арратә еилазаареи арезервтә еилазаареи рцәашәҵатәымаҭәаз ашьҭаҵараҭа цҵақәа шеиҿкаатәу.
"Иаахәатәуп зылсра уадаҩу аҭыԥқәа рҿы ахархәара зуҭо амашьына ласқәа амобилтә тактикатә гәыԥқәа рзы", - ҳәа иҳәеит иара.
Марат Павлов находится с рабочим визитом в Республике Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2022
Аԥсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылахьчара аминистрцәа арегион ашәарҭадара иалацәажәеит
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы иҳәеит еиԥҟьарада афымцамч ахархәараз афымцамчгенераторқәа шаахәатәу.
Ахада ажәалагала ҟаиҵеит абизнес ахаҭарнакцәа Аԥсны амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы абжьгарақәа ахәшьара рыҭареи аус рыдулареи рымҩаԥгаразы аусутә гәыԥ иалахәызарц.
Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа агәыӷра ааирԥшит аиԥылара ашьҭахь аруаа ироуп ҳәа адгылара ӷәӷәа. ИАЕ "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада Николаи Ачба аԥшьгамҭа аамҭанытәиуп ҳәа ахиҳәааит, иколлегацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәыла ашәарҭадара аиқәыршәаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0