Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Арбџьармчқәа украинатәи аконтржәылара ДЖәР Павловка иахьаҵанакуа иааныркылеит

Аконтржәылара аанкылараан аӷа исолдаҭцәеи иофицарцәеи 60-ҩык ҭархан, атехника 6 цырак ԥжәан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа ДЖәР аҿы Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы Павловкеи Никольское иахьрыҵаркуа украинатәи аконтржәылара ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы Донецктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭақәа Павловкеи Никольское иахьрыҵаркуа УАМ илҵшәадаз аконтржәыларақәа мҩаԥыргеит, дара гәҭакыс ирыман урыстәылатәи аруаа ԥхьаҟа рынаскьара иаԥырхагахар, уаанӡа иахьгылаз аҭыԥқәа рахь ихынҳәыр. Артиллериеи урыстәылатәи ажәыларатә гәыԥқәеи ршьаҿақәа ирыбзоураны, аконтржәыларақәа зегьы аԥырҟәҟәаан, аӷа дыԥсаҟьан. Иҭархан 60-ҩык инареиҳаны украинатәи аррамаҵзуҩцәа, кшәылӡымашьынак, аџьаԥҳаны зқәыз амашьынақәа ҩба, апикапқәа хԥа", - рҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҿы.
Уи адагьы, Донецктәи ахырхарҭаҿы ахы иақәиҭтәуп аҳабла Маиорск.
Аусбарҭаҿы иара убас иазгәарҭеит Украина Черкассктәи аобласт аҿы ишықәху авиациатә ԥжәагақәа рарсенал.