Аԥсны

Аԥсны ААР Сҭампыл агәҭан иҟалаз аԥжәара инамаданы иҭахаз рҭаацәарақәа ирыдышшылеит

Аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Сҭампыл агәҭан иҟалаз аԥжәараан акгьы рмыхьит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Сҭампыл агәҭан иҟалаз аԥжәара инамаданы иҭахаз рҭаацәарақәа ирыдышшылеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа Амедиацентр.
Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра атеракт иақәыӡбеит.
"Атерроризм иарбанзаалак ацәырҵрақәа хымԥада ирҿагыланы ақәԥара ахәҭоуп ҳәа иазаҳаԥхьаӡоит", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Абҵара 13, амҽыша шьыбжьон аҩны ԥжәеит Сҭампыл агәҭа иалсуа атуристтә шьаҟамҩа Истиклиаль аҿы. Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан фҩык ауаа ҭахеит, 53-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа.
Ахада ихаҭыԥуаҩ Фуат Октаи иҳәеит 81-ы аахақәа шроуз, Сҭампыл иҟалаз аԥжәара терактуп ҳәа.
Аԥсны
Аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Сҭампыл агәҭан иҟалаз аԥжәараан акгьы рмыхьит
Истиклиаль амҩаҿы аресторанқәеи амузеиқәеи реиԥш иҟоуп урыстәылатәи аконсулра назлоу адипмиссиақәа жәпакы.
Сҭампыл ақалақь агәаҿы абомба нзыжьыз ауаҩы даанкылоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу.
Ҭырқәтәыла ААР: Сҭампыл ақалақь агәаҿы абомба нзыжьыз ауаҩы даанкылоуп