Аԥсны

Аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Сҭампыл агәҭан иҟалаз аԥжәараан акгьы рмыхьит

Амҽыша абҵра 13 рзы Сҭампыл агәҭа иалсуа атуристтә шьаҟамҩа Истиклиаль аҿы аԥжәара ҟалеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Сҭампыл агәҭан иҟалаз аԥжәараан акгьы рмыхьит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба.
Ҭырқәтәыла ААР: Сҭампыл ақалақь агәаҿы абомба нзыжьыз ауаҩы даанкылоуп
Сҭампыл ақалақь агәаҿы абомба нзыжьыз ауаҩы даанкылоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу.
Соил иажәақәа рыла адыррақәа иудырбоит аԥжәара Ҭырқәтәыла террорист еиҿкаараны иԥхьаӡоу Курдисҭан Аусутә партиеи (РПК) жәлар рҽыхьчара акурдтә Отриадқәеи (YPG) ирумҭоуп ҳәа.
Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан фҩык ауаа ҭахеи ҳәа. Ахада ихаҭыԥуаҩ Фуат Октаи иҳәеит 81-ы аахақәа шроуз, Сҭампыл иҟалаз аԥжәара терактуп, имҩаԥызгазгьы дыԥҳәысуп ҳәа.
Истиклиаль амҩаҿы аресторанқәеи амузеиқәеи реиԥш иҟоуп урыстәылатәи аконсулра назлоу адипмиссиақәа жәпакы. Урыстәылауаа хҩык аахақәа роуит Сҭампыл агәҭан иҟалаз аԥжәара иахҟьаны, рыԥсҭазаара ԥырхага амам, рҳеит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы.