Аԥсны

Лыхнашҭа аанда ҿыц акәыршахоит

Лыхнышҭа аҭахкааразы аанда ҿыц ахәԥса жә-миллионк рҟынӡа итәоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Лыхнашҭа аанда ҿыц акәыршахоит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны акапиталтә ргылараз аусбарҭа атехникатә хылаԥшра амаҵзура анџьныр Дикран Хынҭәба.

"Аусурақәа ирылагоуп. Агәара азеиԥш аура 540 метра иҟоуп. Абетонтә ашьаҭа ҭаҳарҭәеит 40-50 сантиметра ирҳаракны. Ажәытә бжьагылақәа еиҭарҿыцны иаҳшәуеит, иқәҳаргылоит агәашә ҿыцқәа. Руак автомҩа аганахь ала, егьи –Лыхнытәи ауахәама аганахь ала", - иҳәеит иара.

Хынҭәба иазгәеиҭеит апроект аҿаҵаҩыс ишықәгыло Аԥсны акапиталтә ргылараз аусбарҭа.
Апроект азеиԥш хәыԥса 9 миллион мааҭ аҳәынҭқарра иазоунажьит.
Лыхны — Аԥсны еиҳа идуу ақыҭақәа иреиуоуп. Ара аԥсуа аҳцәа иртәарҭан, ара иит Нестор Лакоба, аҵарауаа Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл. Лыхнашҭа – ажәлар рзеиԥшеизарақәа ахьымҩаԥысуаз ҭоурыхтә ҭыԥуп.