Аԥсны

Ачаратә машьынеишьҭагылақәа рныҟәҵаҩцәа амҩаҿы ашәарҭара ахьаԥырҵаз азы ахараԥса рықәҵоуп

Аԥсшьарамшқәа рзы аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ачаратә машьынеишьҭагылақәа амҩатә ԥҟарақәа ишрықәныҟәо ҷыдала иацклаԥшлоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Ачаратә машьынеишьҭагылақәа рныҟәҵаҩцәа хҩык амҩаҿы ашәарҭара ахьаԥырҵаз азы иаанкыланы административтә хараԥса рықәҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Алмас Папасқьыр, Леван Карчаа, Алиас Ратиа рмашьынақәа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминисттра иатәу амашьынаргыларҭақәа рахь инагоуп.
Ииасыз амчыбжь азы амҩатә шәарҭадареи амҩа-транспортә хҭысқәеи раԥырҟәҟәааразы имҩаԥгаз агәаҭарақәа ирылҵшәаны 1978 еилагара ашәҟәы иҭагалан.
Асаркьақәа рышәшьразы 193 ԥкаанҵа ашәҟәы иҭагалан, ижәны аԥсҟа зкыз-153 ԥкаанҵа, ф-машьынак аргыларҭақәа рахь инаган. Иара убас закәаншьаҭада амашьына аномерқәа ахархәара аарԥшын.
Аԥсны
Ижәны амҩатә ԥҟарақәа еилазго рзы ахараԥсақәа рӷәӷәахоит Аԥсны