Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ижәны амҩатә ԥҟарақәа еилазго рзы ахараԥсақәа рӷәӷәахоит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2022
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит амҩатә ԥҟарақәа реилагаҩцәа рахьырхәра рӷәӷәахоит ҳәа.
АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik. Амҩатә ԥҟарақәа реилагаҩцәа рахьырхәра рӷәӷәахоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа ареспублика ауааԥсыра рҿаԥхьа иҟаиҵоз аҳасабырбаҿы.

"Ҳара ҳхыкқәа иреиуоуп- еилых ҟамҵакәа, еиҳа ишәарҭоу аилагарақәа- арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкуи иццакны арныҟәцареи раԥырҟәҟәаара. Уажәы арыжәтә ыжәны аԥсҟы зку иреиҵаӡоу аулафахәы 200 хышәаҵышәа ахараԥса ршәозар, 30 мшы рыҩнуҵҟа ахараԥса зымшәаз шықәсыбжак амашьына арныҟәара азин имырхуазар – ҳара уи иҵегьы арӷәӷәара ҳагәҭакуп", - иҳәеит Бжьаниа.

Иазыԥхьагәаҭоуп амашьына арныҟәараз азиншәҟәы шықәсыбжак ҳәа иаразнакы ахара зхароу имхра, ахараԥса ашәара аҿҳәара иахысыз – шықәсык амашьына арныҟәара азин имххоит.
"Азин змыху ахаҿқәа атранспорттә хархәага ала рныҟәараан уажәеиԥш ахараԥса ашәара ацынхәрас административтә ҭакра рықәҵахоит. Уигьы уажәазы хәымш ҳәа иарбазар, 15 мшы рҟынӡа иацҵазар алшоит ҳәа сгәы иаанагоит. Амашьына аԥсҟы зку амедицинатә гәаҭара ахысра мап анацәикуагьы ихарақәҵа рӷәӷәатәхоит", - иҳәеит иара.
Иара абри аус ашықәс аҩныҵҟа еиҭаздырбалаз 15 мшы ацынхәрас 30 мшы дҭактәхоит, аныҟәараз азингьы шықәсыбжак ацынхәрас шықәсык ахь ихагалахоит.
Аццакратә режим еилаганы аԥхьаҟатәи амҩатә цәаҳәахь ианыло рганахь алагьы ауснагӡатәқәа рыӷәӷәахоит.
Ахада иҳәеит инапынҵала Аԥсны ААР афото-авидео гәаҭаратә система иаку апрограмма апроект аздырхиараны иҟоуп.
Иазгәаҭоуп 80 гәаҭаратә хархәага амҩақәа рҿы рыргылара. Урҭ рҟынтәи 15 реиҭагара алшо иҟалоит.
Асистема аус адулареи аларҵәареи ирзоужьхоит 203 миллион мааҭ иҳәеит Бжьаниа.
Ажәабжьқәа зегьы
0