АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Аҟәа инхо Ҭемур Козмаа закәаншьаҭада аџьаԥҳани анаркотикатә маҭәашьари раахәареи рымазаареи рзы ахара идҵоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
57 шықәса зхыҵуа Козмаа иҩны иԥшаан: агранатақәа, ареактивтә танкҿагыларатә граната РПГ-26, 82-мм иҟоу амина, артҟәацгақәа, агранатаршәгатә хысгақәа, М-6 артҟәацгақәа, 7.62 мм иҟоу апатронқәа, аоптикатә кылыԥшырҭа.
Аџьаԥҳаны зегь еибашьыгатәуп, ахархәара иазыхиоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп. Козмаа ииҩнаҟынтә ашәарҭадара атехника инақәыршәаны абџьар дәылыргеит СОБР аҟазауаа.
Иара убас инхарҭа аҵакыра агәаҭараан иаарԥшын афыҩ ҷыда змаз амаҭәашьар иаҵәа аполиетелентә пакетқәа ирылаҳәаны.
Аԥсны ААР аексперт-криминалистикатә центр адыррала иаарԥшыз амаҭәашьар-680 грамм иҟаз каннабис ҳәа изышьҭо анаркотиктә хкуп.
Аӡбарҭа аӡбрала Ҭемур Козмаа аҩнтәы рбаандаҩра иқәҵоуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.