https://sputnik-abkhazia.info/20221115/asny-atylaua-aaani-anarkotikei-idbaloup-1042629413.html
Аԥсны атәылауаҩ аџьаԥҳани анаркотикқәеи идбалоуп
Аԥсны атәылауаҩ аџьаԥҳани анаркотикқәеи идбалоуп
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААРи Аԥсны АШәМи русзуҩцәа Аҟәа инхо ауаҩы иҩнаҭаҿы иаадырԥшит аџьаԥҳаны анаркотикатә маҭәашьар марихуанеи рацәаны. 15.11.2022, Sputnik Аҧсны
2022-11-15T11:30+0300
2022-11-15T11:30+0300
2022-11-15T11:30+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/17/1032684427_0:320:3073:2048_1920x0_80_0_0_669e4c214437c5b617f5c0596af091e0.jpg
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Аҟәа инхо Ҭемур Козмаа закәаншьаҭада аџьаԥҳани анаркотикатә маҭәашьари раахәареи рымазаареи рзы ахара идҵоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.57 шықәса зхыҵуа Козмаа иҩны иԥшаан: агранатақәа, ареактивтә танкҿагыларатә граната РПГ-26, 82-мм иҟоу амина, артҟәацгақәа, агранатаршәгатә хысгақәа, М-6 артҟәацгақәа, 7.62 мм иҟоу апатронқәа, аоптикатә кылыԥшырҭа.Аџьаԥҳаны зегь еибашьыгатәуп, ахархәара иазыхиоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп. Козмаа ииҩнаҟынтә ашәарҭадара атехника инақәыршәаны абџьар дәылыргеит СОБР аҟазауаа.Иара убас инхарҭа аҵакыра агәаҭараан иаарԥшын афыҩ ҷыда змаз амаҭәашьар иаҵәа аполиетелентә пакетқәа ирылаҳәаны.Аԥсны ААР аексперт-криминалистикатә центр адыррала иаарԥшыз амаҭәашьар-680 грамм иҟаз каннабис ҳәа изышьҭо анаркотиктә хкуп.Аӡбарҭа аӡбрала Ҭемур Козмаа аҩнтәы рбаандаҩра иқәҵоуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20221105/aa-daankyloup-anarkotikat-maashara-zdyrbalaz-yrtyla-atylaua-1042457281.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220617/anarkotikat-maashara-zdyrbalaz-kh-yk-asny-atylauaa-aankyloup--1039654846.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/17/1032684427_0:0:2731:2048_1920x0_80_0_0_008b0222f48f76f00607b640860ccc3e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны атәылауаҩ аџьаԥҳани анаркотикқәеи идбалоуп
Аԥсны ААРи Аԥсны АШәМи русзуҩцәа Аҟәа инхо ауаҩы иҩнаҭаҿы иаадырԥшит аџьаԥҳаны анаркотикатә маҭәашьар марихуанеи рацәаны.
АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Аҟәа инхо Ҭемур Козмаа закәаншьаҭада аџьаԥҳани анаркотикатә маҭәашьари раахәареи рымазаареи рзы ахара идҵоуп, абри атәы
аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
57 шықәса зхыҵуа Козмаа иҩны иԥшаан: агранатақәа, ареактивтә танкҿагыларатә граната РПГ-26, 82-мм иҟоу амина, артҟәацгақәа, агранатаршәгатә хысгақәа, М-6 артҟәацгақәа, 7.62 мм иҟоу апатронқәа, аоптикатә кылыԥшырҭа.
Аџьаԥҳаны зегь еибашьыгатәуп, ахархәара иазыхиоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп. Козмаа ииҩнаҟынтә ашәарҭадара атехника инақәыршәаны абџьар дәылыргеит СОБР аҟазауаа.
Иара убас инхарҭа аҵакыра агәаҭараан иаарԥшын афыҩ ҷыда змаз амаҭәашьар иаҵәа аполиетелентә пакетқәа ирылаҳәаны.
Аԥсны ААР аексперт-криминалистикатә центр адыррала иаарԥшыз амаҭәашьар-680 грамм иҟаз каннабис ҳәа изышьҭо анаркотиктә хкуп.
Аӡбарҭа аӡбрала Ҭемур Козмаа аҩнтәы рбаандаҩра иқәҵоуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.