Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Павловка ахақәиҭраз ицоз ажәылараҿы 1400-ҩык рҟынӡа украинатәи аибашьцәа ҭахеит

ДЖәР аиланхарҭа Павловка ахы иақәиҭтәуп абҵара 14 азы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Павловка ахақәиҭраз ицоз ажәылараҿы иҭахеит 1400-ҩык рҟынӡа украинатәи аибашьцәа ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы аӷа ицәыӡит аҳаирпланқәа ҩба – Су-25, авертолиот Ми-8, 12 танк, 27 аршьаҟауаа рмашьынақәа, 30 кәылӡмашьына. Иҭархоуп артиллериатә шьақәгылақәа фба, 25 автомашьына, 28 дрон.
Купиантәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи ар УАМ аротақәа ҩба ржәылара аԥдырҟәҟәааит, шьҭахьҟа иԥхьарцеит, убри аан иҭахеит шәҩык рҟынӡа украинатәи аруаа, атанкқәа 8, аршьаҟауаа рмашьынақәа 3, акәылӡмашьынақәа 5, автомашьынақәа 6.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы украинатәи атактикатә ротақәа ҩба Червонопоповкеи Золотаревкеи ажәылара рҽазыршәеит, аха иқәҿиарадахеит. Ари ахырхарҭаҿы иҭархоуп 90 украинатә аруаа, танк, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, апикапқәа хәба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Арбџьармчқәа украинатәи аконтржәылара ДЖәР Павловка иахьаҵанакуа иааныркылеит
Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит УАМ анапхгараҭараҭа ҭыԥқәа фба, 82 артиллериатә ҟәшеиҵа, арратә техникеи аррамаҵзурауааи 178-раион рҿы, иара убасгьы ДЖәР Красногоровка аҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Урыстәыла аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа быжьба, РСЗО "HIMARS" ахгәыцәқәа хԥа.