Путин аҳәаанырцәуаа Урыстәыла ар рҿы аррамаҵзура рахысразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит

Урыстәылатәи ар аҳәаанырцә тәылауаҩра змоу ахаҿқәа арра рнаԥхьарала аррамаҵзура рахысра алдыршоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәаанырцәуаа Урыстәыла ар рҿы аррамаҵзура рахысразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аинтернет-портал аҿы.

"Абри аԥҟара иҳәаақәнаҵоит аҭынчра аамҭаз аҳәаанырцә ҳәынҭқарра атәылауаҩра змоу, анхараз азин ма аҳәаанырцә ҳәынҭқарраҿы анхараз азин шьақәзырӷәӷәо даҽа документк змоу атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рҿы аррамаҵзура рахысра аԥҟарақәа…" - ҳәа аҳәоит аусԥҟаҿы.

Аусԥҟа инақәыршәаны Урыстәыла атәылауаа, даҽа тәылак аҿы анхараз азин змоу ма ҩ-тәылауаҩрак змоу урыстәылатәи ар рҿы аррамаҵзура ахысра азин рымоуп. Уаанӡа арранаԥхьарала аррамаҵзура иахыслар рылшон УА атәылауаа мацара, аҳәаанырцәуаа ирылшон, уажәгьы ирылшоит еилаӡарала аррамаҵзура ахысра.