Аԥсны

Валери Гамгьиа иусумҭақәа реиҭашьақәыргылара иалацәажәеит Аԥсны акультура аминистрраҿы

Аиԥылара иалахәын аҭҵаарадырреи акультуреи рызҵаарақәа рзы ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа, Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа, Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахада Витали Џьниа, асахьаҭыхыҩ-аиҭашьақәыргылаҩ Леонид Еныкь, асахьаҭыхыҩ Геннади Гамгьиа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Асахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа хәҭа рацәала еиҿыртәоу иусумҭа "Абраскьыл", ипанно "Аԥсны аҭоурых" реиҭашьақәыргыларазы аилацәажәара Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба ихадарала имҩаԥысит. Абри атәы аанацҳауеит акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Хара имгакәа еиҭамҩаԥгахоит аԥсуа жәлар рзы асахьаркыратә, аҭоурыхтә, адоуҳатә ҵакы змоу аусумҭақәа реиҭашьақәыргыларазы аилацәажәара.
Полиптих-хәҭа рацәала еиҿыртәоу иусумҭа "Абраскьыл" Гамгьиа 1981 шықәсазы иаԥиҵеит, уи аҵакыра 106 квадрат иҟоуп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан аусумҭа ааха ӷәӷәа аиуит.
Иахьазы аусумҭа х-хәҭак Ҷлоу иҟоуп, егьырҭ хԥа-Аҟәа.
Апанно "Аԥсны аҭоурых" Валери Гамгьиа иаԥиҵеит Лыхнытәи акультура аҩны азы. Иара ԥшь-хәҭакны иҟоуп: "Аԥсны амырҭаҭреи аӡаахреи", "Аԥсуа аҳра ашьақәгылара аҭоурых", "Аԥсны азеижәтәи ашәышықәсазы", "Аԥсны. Ҩажәатәи ашәышықәса. Ареволиуциа. Ахақәиҭра".
Арадио
Гьерзмааԥҳа абираҟ автор изкны: Валери Гамгьиа игәы хыҭхыҭуа дазыԥшын ари амш