Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гьерзмааԥҳа абираҟ автор изкны: Валери Гамгьиа игәы хыҭхыҭуа дазыԥшын ари амш

© SputnikВладислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩцәа Лиудмила Лазԥҳаи Клара Гьерзмааԥҳаи
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩцәа Лиудмила Лазԥҳаи Клара Гьерзмааԥҳаи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 23 аҽны иазгәарҭоит Аԥсны аҳәынҭқарра абираҟ амш. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи ахыбраҿы аныҳәа амҩаԥгаразы еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит, рҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны амузеи аусзуҩцәа Лиудмила Лазԥҳаи Клара Гьерзмааԥҳаи.
Ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩцәа абираҟ иазку аекспозициақәа ирызкны

"Есышықәса, инарҭбааны абираҟ амш ахьызгәарҭо иаҳнарбоит ҳажәлар ргәацԥыҳәаны ари аныҳәа ишазыҟоу. Хьаҳәа-ԥаҳәада ари амш аҵак ду шамоу еилыркаауеит зегьы. Валери Гамгьиа игәы хыҭхыҭуа дазыԥшын ари амшгьы. Амузеи аҟны иҳамоуп аескизқәа, раԥхьатәи абираҟ анырӡыхуаз афотосахьақәа", —  лҳәеит Клара Гьерзмааԥҳа.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Иара аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара иасимволуп. Иаарту амаҿа шкәакәа 12 шәышықәса инарзынаԥшуа ақәра змоу аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Ацәаҳәа иаҵәақәеи ашкәакәақәеи аҿареи адоуҳареи ирсимволуп. Хә-кәакьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны аҭоурыхтә раионқәа: Саӡ, Бзыԥ, Гәма, Абжьыуаа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибга ирсимволны иҟоуп.

Аҳәынҭқарратә символикақәа дравторуп, асахьаҭыхҩы — Валери Гамгьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0