Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит абҵара 17 рзы

Аӡы аанкылоуп аӡыҭгагатә станциа №4 аҿы аремонттә усурақәа ахьымҩырго иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16- Sputnik. Аԥшьашаҽны абҵара 17 рзы, Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра" апресс-маҵзура.
Аӡы аанкылахоит асааҭ 01:00 инаркны 18:00 рҟынӡа.
Ӡыда иаанхоит Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Универсам, Ешбеи Семерџьи-иԥа амҩақәеи. Иара убас аӡы ахалара ацәыцәгьахоит Аҟәа агәаны игылоу аҩнеихагылақәа хыхьтәи реихагылақәа рахь.