Аԥсны

Бжьаниа "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан иҟазарц зылшо аилагарақәа ҭырҵаарц анапынҵа ҟаиҵеит

"Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан иҟазарц зылшо афинанстә еилагарақәа 15 мшы рыҩнуҵҟа Аԥсны апрокуратура хада иҭнаҵаауеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны апрокуратура хада "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан иҟазарц зылшо афинанстә еилагарақәа ҭырҵаарц рнапы ианиҵеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аинформациатә хархәагақәа рыҟны ажәабжь цәырҵит "Аҽгәара" ацәаҳәа шьаҭанкылатәи арҿыцразы иаҭаху аматериал аахәараан афинанстә еилагара дуқәа ҟаҵан ҳәа. Абри инамаданы Апрокуратура хада анапы ианысҵоит 15 мшы рыҩнуҵҟала абри аинформациа ҭҵааны адырра сырҭарц азы", - иҳәеит Бжьаниа.
Уи аԥхьа аоппозициа ахаҭарнакцәа ауаажәларра рахь ицәырыргеит "Аҽгәара" аиҭашьақәыргыларазы иаахәаз амаругақәеи амаҭәахәқәеи рыхәԥсақәа акырӡа еиҳаны иахьарбаз ашәҟәқәа. Иазгәаҭоуп, уи ала абиуџьет аҟынтәи миллионла аԥара ӷьычзар алшоит ҳәа.