Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан иҟазарц зылшо аилагарақәа ҭырҵаарц анапынҵа ҟаиҵеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииБжьаниа "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан иҟазарц зылшо аилагарақәа ҭырҵаарц анапынҵа ҟаиҵеит
Бжьаниа Аҽгәара аиҭашьақәыргылараан иҟазарц зылшо аилагарақәа ҭырҵаарц  анапынҵа ҟаиҵеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2022
Анапаҵаҩра
"Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан иҟазарц зылшо афинанстә еилагарақәа 15 мшы рыҩнуҵҟа Аԥсны апрокуратура хада иҭнаҵаауеит.
АҞӘА, абҵара 16- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны апрокуратура хада "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан иҟазарц зылшо афинанстә еилагарақәа ҭырҵаарц рнапы ианиҵеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аинформациатә хархәагақәа рыҟны ажәабжь цәырҵит "Аҽгәара" ацәаҳәа шьаҭанкылатәи арҿыцразы иаҭаху аматериал аахәараан афинанстә еилагара дуқәа ҟаҵан ҳәа. Абри инамаданы Апрокуратура хада анапы ианысҵоит 15 мшы рыҩнуҵҟала абри аинформациа ҭҵааны адырра сырҭарц азы", - иҳәеит Бжьаниа.
Уи аԥхьа аоппозициа ахаҭарнакцәа ауаажәларра рахь ицәырыргеит "Аҽгәара" аиҭашьақәыргыларазы иаахәаз амаругақәеи амаҭәахәқәеи рыхәԥсақәа акырӡа еиҳаны иахьарбаз ашәҟәқәа. Иазгәаҭоуп, уи ала абиуџьет аҟынтәи миллионла аԥара ӷьычзар алшоит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0