Аԥсны

Аҟәатәи анотариус Кристина Џьопуаԥҳаи Седа Каракелиани рус Аҟәатәи аусӡбарҭахь инашьҭуп

Аҟәатәи анотариус Кристина Џьопуаԥҳаи Седа Каракеани амаҵзуратә еиқәырҽаҽара мҩаԥыргеит ҳәа ахара рыдҵоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Аԥсны апрокуратура хада Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭахь Аҟәатәи анотариалтә усҳәарҭа аусзуҩ Кристина Џьопуаԥҳаи Седа Каракелиани рганахь ала ахыркәшаратә харадҵа нанашьҭит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә усбарҭа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә нотариалтә усбарҭа №5 анотариус Кристина Анатоли-иԥҳа Џьопуеи атәылауаҩ Седа Алықьса-иԥҳа Каракеани рганахь ала амаҵзуратә еиқәырҽаҽара мҩаԥыргеит ҳәа ахара рыдҵан имҩаԥнагоз ашьаус хнаркәшеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аус аматериалқәа рыла, Кристина Џьопуаԥҳа Р. Пашьиан лтәанчахәы атәылауаҩ Каракеиан илоуразы, Р. Пашьиан лыхьӡала аԥаршеи дыррақәа алагалан аршаҳаҭга азлырхиеит.
Адокумент хышықәса аҿҳәара аман, уи ала Пашьиан лтәанчахәы аиура алнаршон Аԥсны Аҵәахырҭатә банк афилиалқәеи акоммерциатә банкқәеи рҿы.
Аԥсны
Аҟәатәи анотариус иҟалҵаз амаҵзуратә еиқәырҽаҽараз ашьаус хацыркуп