Аԥсны

Кобесова далацәажәеит Аԥсны Урыстәыла алогистика ныррас ианаҭарц зылшо

Sputnik аинтервиу аҭо Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова далацәажәеит агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыцқәеи асанкциақәеи раамҭаз Аԥсны ҵакыс инанагӡар алшо атәы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik. Аԥсны аҵак ду нанагӡар ҟалоит агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыцқәеи аекономикатә ҽыԥсахрақәеи атранспорт-логистикатә хырхарҭақәа реиҭакразы ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.
Аԥсны
Ахәаахәҭратә еикәыршара шеизырҳатәу далацәажәеит Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак
Лара лажәақәа рыла, адунеи аҿы аҽыԥсахра дуқәа мҩаԥысуеит, иара убас аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿгьы. Раԥхьатәи рбаганы иҟоу иреиуоуп атранспорт-логистикатә хырхарҭақәа реиҭакра, европатәи аџьармыкьақәа рҟынтәи Алада-мрагыларатәи Азиа, Мрагылара Ааигәа, Африка, Латынтәи Америка аџьармыкьақәа рахь риагара.
"Арҭ апроцессқәа рҿы аиҭарҿыцра зҭаху абаӷәазатә инфраструктура змоу тәылак аҳасаб ала Аԥсны ароль ду нанагӡар алшоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Кобесова илҳәеит азҵаара рацәа шцәырҵуа аҳәаа иахысуа рганахь ала, аха агәыӷра аалырԥшит абри ахырхарҭаҿы хара имгакәа иахәҭоу ашьаҿақәа ҟаҵахап ҳәа.