Аԥсны

Аԥснытәи аҭыԥҳа адырраҭара "Умники и умницы" афиналбжахь днеит

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ателедырраҭараҟны ралахәра еиҿнакааит Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Пицундатәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы Лина Аииԥҳа ателеолимпиада "Умницы и умники" аҟны афиналбжахь днеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҵара аминистрра апресс-маҵзура.
Лара лыда, адырраҭара иалахәын даҽа ҩыџьа аԥснытәи ашколхәыҷқәа: Никита Чкәакә - Бамборатәи абжьаратә школ аҵаҩы, Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҵаҩы Ҭемыр Қәирнаӡе. Дара ироуит амедал аордени афинал аԥшьбатәи ахәҭаҿы азҵаарақәа ииашаны рҭак ахьыҟарҵаз азы.
"Умницы и умники" - ателехәаԥшратә олимпиадоуп, аефир аҿы иҟоуп 20 шықәса инареиҳаны "Актәи аканал" аҿы. Автор, амҩаԥгаҩ - Иури Виаземски. 2009 шықәса раахыс апрограмма аефир ахь иҭыҵуеит ессабша шьыжьымҭан. Аицлабрақәа рҽыршоит афинал аԥшьбарак, афиналбжа (афиналбжа "Шанс" убрахь иналаҵаны), афинал ҳәа.
Аолимпиадаҿы аҳамҭақәа заузи аиааира згази алшара роуеит Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа льготала иҭаларц. Убас, МГИМО иҭалар ауеит аԥышәарақәа мҭиикәа.