Аԥсны

Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥысраны иҟоуп иааиуа ааԥынразы

Аԥсуа ҩқәа II рмилаҭтә еицлабра аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Николаи Ачба инапхгарала аусутә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша абҵара 17 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik, Сариа Кәарцхьелиаԥҳа. Аԥсуа ҩқәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥысуеит иааиуа ашықәс ааԥынразы. Абри атәы Sputnik акорресподент илзеиҭалҳәеит "Гәыма" анапхгаҩы Хьыбла Возԥҳа.
Уажәазы аицлабра аԥҟарақәа рҽеиҭаркуеит. Уаанӡа арзаҳал алаҵаразы 200 литра аҩыза азхозҭгьы, уажәшьҭа ҩ-хкык 500 литра аҭахуп.
Возба иазгәалҭеит аиҿкааҩцәа аҩбатәи аицлабразы арзаҳалқәа рацәаны ишырзыԥшу, иара убас аҩқәа рхаҭабзиарагьы еиӷьхоит ҳәа ишгәыӷуа. Избанзар актәи аицлабраан аекспертцәа-аҩыҟаҵаҩцәа рлекциақәеи рҟазаратә классқәеи ирзыӡырҩит, аҩызауад алабораториа аусзуҩцәа рабжьгарақәа роуит.
Ԥхынҷкәын 15 рзы аиҿкааратә еилакы имҩаԥнагоит аӡыргаратә пресс-конференциа. Арзаҳалқәа рыдыркылоит иааиуа амза аҽеиҩшамҭа инаркны.
Арадио
Аӡынба Аԥсны аӡахәааӡаразы: аицлабра ашьҭахь аиҭаҳатә иашьҭалаз рацәаҩуп
Аԥсуа ҩқәа актәи рмилаҭтә еицлабра мҩаԥысит 2022 шықәса мшаԥымзазы аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа иреиуоу акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҿы.
Усҟан аиҿкааҩцәа Аԥсны араионқәа рҿы иалырԥшааит аҩ-хкқәа шәкы инарзынаԥшуа, урҭ рахьтә 62 аицлабрахь инармышьҭӡеит алабораториатә гәаҭарақәа ианрыхрыжь ашьҭахь.
Аицлабра еиуеиԥшым аноминациақәа рыла имҩаԥысуан: аҩы шкәакәақәа, аҩеиқәаҵәақәа, "Изабелла", Ақыҭанхамҩа аминистрраҟынтәи аҳамҭа ҷыда, Ачаа рҭаацәараҟынтәи аҳамҭа ҷыда, иџьбарацәам аҩы азы иҷыдоу аҳамҭа. Усҟан аицлабра аҳамҭа хада, агран-при, иоуит аҩыҟаҵаҩ қәыԥш Саид Ажәанба.