Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аӡынба Аԥсны аӡахәааӡаразы: аицлабра ашьҭахь аиҭаҳатә иашьҭалаз рацәаҩуп

Аӡынба Аԥсны аӡахәааӡаразы: аицлабра ашьҭахь аиҭаҳатә иашьҭалаз рацәаҩуп
Анапаҵаҩра
Аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи рзы аԥышәа змоу Иура Аӡынба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит, ажәытә аԥсуа ажьхкқәа реиқәырхаразы аус шцо, урҭ егьырҭ ҳтәылаҿы иҟоу аӡахәа излареиԥшым, насгьы, сынтәатәи аҽаҩра ахьынӡабеиоу.
Аԥсуа милаҭтә ҩқәа раԥхьатәи аицлабра ашьҭахь аиҭаҳатә азы иҳадҵаало иалагеит Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтә, зегьы ҳрыхәартә ҳаҟам, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аӡынба. Иара еиҭеиҳәеит аԥсуа ажьхкқәа рыԥшаараҿы имҩаԥгаз аусура атәы.
"Анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" ирыбзоураны нап аркын аԥсуа fжь хкқәа реиҭаҿиара. Иҟаҳҵеит аныҟәарақәа. Иаҳбаз ыҟоуп, хаҭала арҭ аԥсуа жьқәа роуп ҳәа аҳәара уадаҩын, аха зҟны иҟаз шәышықәса ишеизҳауа атәы рҳәеит. Нас аҽазышәарақәа ҟаҳҵеит аҭҵаараҿы, излыҵыз ашьақәыргыларазы. Ииашаҵәҟьаны ԥшьба-хәба хкы, еицырдыруа аԥсуа жьқәа роуп ҳәа ишьақәырӷәӷәан", - иҳәеит аӡахәааӡаҩ.
Иура Аӡынба иажәақәа рыла иҭҵааз аӡахәақәа реихаҳара аус хацыркын, хкқәак аҽаҩра рнаҭахьеит, уимоу, аҩгьы ҭарҭәахьеит, егьырҭ аиҭаҳара аамҭа иазыԥшуп.
"Аԥсуа ажь хкқәа рааӡара иара убас даҿуп Алхас Аргәын. Краснодар ажь ааӡарҭақәа рҿы ираҳҭеит акаламқәа хыҵәҵәаны, сынтәа ҳазыԥшуп аиҭаҳатә ҳауп ҳәа. Иаргьы ҳаргьы иаҳзеиԥшны 7-8 нызқь шьапы ҳауп ҳәа ҳазыԥшуп", - иҳәеит Аӡынба.
Ҳаԥсуа жьқәа ҽаҩрала ианыманшәалаха гектарк аҟынтә 8-12 тонна ҿыҵыр ҟалоит, аҩахьы иугар 4-5 тонна аҩы, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аӡынба. Иара убасгьы иҳәеит, еихаҳау иаҳа амч шамоу, аҽаҩра рацәаны шаанашьҭуа.
"Сынтәа Гәымсҭа иҵегьы ҳҽаҩра еиӷьындаз ҳәа ҳҳәо ҳаҟоуп. Амш иахҟьаны иԥхасҭахаз ыҟоуп. Ажь абаара адыруеит абыржәтәи аамҭазы. Аԥсуа жьқәа ҳаԥсабараҿы ишааӡаз злаудыруа, абаара усҟак ирыцрасуам. Егьырҭ ирԥырхагоуп, убри аҟынтә аҽаҩра еиԥхьнарҟәҟәааит", - иҳәеит Аӡынба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0